Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Путини Еврохеилак ахантәаҩи Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иалацәажәеит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ
Президент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2022
Анапаҵаҩра
Украина азҵаара адагьы, аполитикцәа алацәажәеит Ашьха Ҟарабах аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы Ермантәылеи, Азербаиџьани, Урыстәылеи хганктәи реиҿцәжәарақәа реиҿкааразы иҟаҵатәу, аганқәа аҭынчраз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц иҟаҵатәу.
АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ҭелла диацәажәеит Европатәи ахеилак ахантәаҩы Шарль Мишель, аицәажәараан урҭ Украина аҭагылазаашьа иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
"Урыстәыла ахада Владимир Путини Европа ахеилак ахантәаҩы Шарль Мишели акыр аамҭа ҭелла еицәажәеит. Урҭ инарҭбааны Украина ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иалацәажәеит", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Аицәажәараан атәыла ахада егьи абжьарак иҳәеит ҩ-нызқьҩык рҟынӡа анационалистцәа рҽахьырҵәахуа азауад "Азовсталь" ажәларазы адҵа мап шацәикыз, иазгәеиҭеит абџьар шьҭазҵаз Украина аруаа, анацбаталионқәа реибашьцәа, аҳәаанырцәтә еибашьцәа рыԥсҭазаара шеиқәырхахо азы Урыстәыла ажәа шрынаҭо, ҳаҭырла ишрызныҟәо, амедицинатә цхыраара шрырҭо.
Ахада иара убас иазгәеиҭеит киевтәи арежим "Азов" анационалисттә архәҭа, Урыстәыла уи аибашьцәа рганахьала ашьаусԥшаара мҩаԥнагоит - аред.) аибашьцәа шақәиҭырымтәуа урыстәылатәи аган ирыднагало ақәшаҳаҭхара
Владимир Путин еиҭеиҳәеит аҭынч уааԥсыра рыхьчаразы имҩаԥырго аусқәа ртәы - агуманитартә коридорқәа, аҭынчра арежим, ишәарҭоу аҭыԥқәа ралгара.
Президент РФ В. Путин провел переговоры с президентом Азербайджана И. Алиевым - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин: Украина аоперациа ҷыда амҩаԥгара - шьаҿа иашоуп
Урыстәыла ахада Мишель дазхьаирԥшит Евроеидгыла ахаҭарнакцәа Украина аимак бџьаршьҭыхла аҭышәныртәалара аҭахуп ҳәа ирҳәақәо атәы, украинатәи аибашьцәа рыцәгьоурақәа рымбошәа иахьыҟарҵо атәы, иажәа иацҵо иара убас иҳәеит абарҭ азҵаарақәа рҟны Бриуссель Киев акы иазаанагар шалшо.
Иара убас Путин иазгәеиҭеит европатәи аҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи реиҳарак рҿы иԥхамшьакәа аурысцәымӷра шаадырԥшуа, акультуратәи аспорттәи усхкқәа рҟынгьы ҳәа.
Еврохеилак ахантәаҩы ажәалагала ҟаиҵеит Украина ахада Владимир Зеленскии иареи рхаҭақәа еиԥыларц, уи аҭакс Путин иҳәеит дара реиԥылара иахьатәи аамҭазы имҩаԥысуа аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа ишахьԥшу, аха урҭ рҿы украинатәи аган ирҳәои ируеи еиқәшәом умҳәозар ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада.
Переговоры России и Украины в Гомельской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Песков Москвеи Киеви реиҿцәажәараз: ампыл Украина аганахь иҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0