Аԥсны

"Мша имза" - Мшаԥымза: амзақәа ахьӡ шроуз аҟнытә

Амзақәа ахьӡ шроуз атәы зҳәо амифтә ҳәамҭа даҳзалацәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
Ашықәс аамҭақәа, мамзаргьы амчыбжь амшқәа зегьы еицаҳдыруеит, аԥсуа бызшәаҿы заманалаҵәҟьа ахархәара рымоуп.
Амзақәа рыхьӡқәа ракәзар, акыр аҽыԥсахрақәеи аҽеиҭакрақәеи рнырхьеит, иҟан аамҭақәак амзақәа рыхьӡ аурыс вариант ахархәара анамаз. Аҵарауаа жәпаҩык рыбзоурала иахьазы амзақәа рыхьӡқәа аԥсуаа рҟны ихадоу амилаҭтә-қьабзтә ныҳәақәеи рыԥсҭазаашьеи ирҿырԥшны, иҭышәныртәаланы ишьақәыргылоуп.
Аԥсны
Аԥсуа мзар: амзақәа рыхьӡ ашьақәгылашьа иазку згәаҭарақәак
Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рахьтә иуԥылоит амзақәа рыхьӡ ашьақәгылара атәы ҳзеиҭазҳәо аҳәамҭақәагьы. Убас сыстудент шықәсқәа раан, сгәыла ааигәа Сабеқьиа-Ԥачлиа Шьулиа Антон-иԥҳа лажәақәа рҿынтә насыԥны ианысҵахьан амзақәа ирыхҳәааз мифтә ҳәамҭак. Иахьазы аԥҳәыс бырг лыдунеи лыԥсаххьеит, аха еиҭалҳәаз аҳәамҭа аԥсы ҭоуп, аинтерес аҵоуп.
Сгәанала, аԥхьаҩцәа шәышҟа ацәыргарагьы иаамҭоуп.
Иҟан хҩык аишьцәа. Рықәрагь крырфахьан, аха иҭаацәарамызт. Аишьцәа рыҩнаҭаҿы агәил еиԥш илызҳауан раҳәшьеиҵбы. Лара еснагь лашьцәа дырхагьежьуа рымаҵ луан, зегь рыла деиҿкаан, иугәамԥхоз лакәмызт. Аԥҳәызба илыдҽырбалоз арԥарцәа рацәаҩын, аха лгәы иақәшәоз длымбацызт.
Ус ишыҟаз, рԥызба шьахәк иҽы дақәтәан дҽырба-ҽырбо рышҭа дааҭалеит. Аԥшәмацәа неиԥылан, аԥсшәа наиаҳәаны, аҩныҟа дымҩахыргеит. Аԥҳәызба днагьагьан, асас аишәа ԥшӡа излырхиеит. Асас дырҭанаҵы аԥҳәызба еилылкааит, арԥызба уаҩышьала лгәы дшақәшәаз.
Аԥсуа жәлар рамзар
Дук хара имгакәа, ари арԥызба аԥҳәызба ажәа лниҵеит, ларгьы дахьааӡаз лыҩнра аанлыжьын, дхаз ҭаацәарахеит.
Акраамҭа мҩаст, ус иааиқәшәаны аиашьеиҳаб дыԥсуеит. Иара иԥсра зегь реиҳа амш аныхәыҷыз иақәшәеит. Мызқәак рнаҩыс дыԥсуеит агәыбжьанытәгьы, иара идунеи аниԥсахыз аҽны амш ҽаԥарак иацлахьан. Иашьцәа рыҟамзаара шыгәнигоз инарцәымҩа днықәлеит аиашьеиҵыбгьы, иара даныԥсыз амш зегь реиҳа иандууз иақәшәеит.
Лашьцәа рхылҵк дыҟамкәа рыдунеи ахьырыԥсахыз, рыҩнаҭа ашә ахьакыз раҳәшьа даара ихьаалгон. Лара илҭахын лашьцәа рыхьӡ зҳәо, изларгәалашәаша ак рҭынхарц. Усҟан амзақәа ахьӡ рымаӡамызт. Аиаҳәшьа илыӡбоит лыхҩык лашьцәа аныԥсыз амзақәа рыхьӡ ахылҵарц.
Ҽнак зны агәаҟрақәараан илывагылаз лыуа-лҭахыра ааизылган, абас рылалҳәеит:
– Сыуа-сҭахы, шәхаҵкы! Сашьеиҳаб Шьашәы даныԥсыз амш зегь реиҳа ианкьаҿыз ауп, иара убри амзагьы сашьа ихьӡ ахызааит Шьашәы имза ҳәа иҟалааит (азгә. уажәы Ажьырныҳәамза ззахҳәо). Сашьа агәыбжьанытә Мша даныԥсыз амш ҽаԥарак ацлахьан, убригьы Мша имза (Мшаԥымза) ахьӡзааит. Аиҵбы Кәыркәыр даныԥсы амш зегьы ианреиҳаз аҽны иақәшәеит. Убригьы Кәыркәыр имза ҳәа (азгә. "Кәыркәамза" - иуль, уажәы ԥхынгәымза ҳәа ҳзышьҭоу) шәашьҭаз!" - лҳәазаап.
Еизаз аиаҳәшьа илҳәаз гәахәарыла ирыдыркылеит. Убас, иахьа уажәраанӡа арҭ амзақәа иԥсыз ахҩеишьцәа рыхьӡ ахуп рҳәоит.