Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа "Азовсталь" азааигәара аибашьра ааныркылоит

Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит азауад аҟны аҭынч уааԥсыра ыҟоуп ҳәа украинатәи аган иааҟәымҵӡакәа ирҳәо аҭакс.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik. Ауаҩрыцҳашьаратә принципқәа ирықәныҟәаны, Урыстәыла Арбџьармчқәеи Донецктәи Жәлар Рреспублика архәҭақәеи мшаԥы 25 асааҭ 14:00 инаркны "Азовсталь" иахьаҵанакуа ахысрақәа зегьы ааныркылоит, архәҭақәа зегьы иахьшәарҭамхо аҭыԥ аҟынӡа инаскьагахоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа агуманитартә нырразы Аусбарҭабжьаратә координациатә штаб аҳәамҭаҿы.
"Урыстәылатәи Афедерациа даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит киевтәи амчрақәа аметаллургиатә комбинат "Азовсталь" аҵаҟа иҟоушәа зыӡбахә рҳәо аҭынч уааԥсыра (аусзуҩцәа, аҳәса, ахәыҷқәа) рзы 36 уахи-ҽни (хәажәкыра 21 2022 ш. раахыс иахьа уажәраанӡа) иааиԥмырҟьаӡакәа иаарту агуманитартә коридор иахьа ишаартыц ишаарту", - иҳәеит аштаб аиҳабы аинрал-полковник Михаил Мизинцев.
Иара иазгәеиҭеит "Азовсталь" аҟынтәи аҭынч уааԥсыра рдәылҵра акгьы шаԥырхагам, киевтәи амчрақәеи анационалисттә еиҿкаарақәеи урҭ аанкыланы ԥыракыс иахьыҟарҵо алаумҵозар.
Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу мшаԥы 21 рзы адҵаҟаҵаҩ хада Владимир Путин адырра ииҭеит Мариуполь ахы ишақәиҭтәу, убри аан украинатәи анационалистцәа (аа-нызқьҩык рахьтә иаанхаз ҩ-нызқьҩык раҟара) "Азовсталь" ишхәыцатәоу. Шоигу "Азовсталь" ҳажәлап ҳәа ажәалагала ҟаиҵеит, аоперациа ахыркәшаразы 3-4 мшы аҭаххоит ҳәа азгәаҭаны, аха Путин азауад ажәлара дақәшаҳаҭымхеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу Путин иеиҳәеит Мариуполь ахы ишақәиҭтәу