Аԥсны имҩаԥысуеит амилаҭтә ҩқәа реиндаҭлара Хымшы ирылагӡаны аҟазауаа аҭыԥантәи аҩыҟаҵаҩцәа раалыҵ агьама рбоит. Аханатә Аԥсны ахы-аҵыхәа иалкаан 100 хкык аҩы. Аицлабра иаиааиз рыхьӡ ҳәахоит АУҬ "Гәыма" мшаԥы 28 рзы. Ауснагӡатә иалагоит асааҭ 16:00 рзы.