Аԥсны

Гагра ауадарацәа змаз аҩны блит

Ауадарацәа аҭаны абарак ҟазшьа змаз аҩны ргылан 1930-тәи ашықәсқәа рзы Демерџь-иԥа имҩаҿы. Уа инхон аа-ҭаацәарак.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра, Демерџь-иԥа имҩаҿы ауадарацәа змаз аҩны блит мшаԥы 26 азы ҳәа Sputnik акорреспондент иалҳәеит уа инхоз Злата Симонова.
"Аҩны зегь блит. Анцәа иџьшьаны аӡәгьы акгьы имыхьит. Ауаа аусурахь иҟан, ахәыҷқәа – ашкол ахь. Адәаҿы ҳгыланы амца шдырцәоз ҳахәаԥшуан. Акгьы ҳзалымгеит. Ара араион ахадара, амилициа рхаҭарнакцәа гылоуп", - лҳәеит лара.
Симонова лгәаанагарала амцакра афымцацәаҳәақәа ирыхҟьазар ҟалоит. Лара илҳәеит зыҩны блыз аӡәырҩы иахьцо шрымам.
Гагра ақалақь ауниверсам "Континент" аԥхьа игылаз ари аҩны 1930-тәи ашықәсқәа рзы иргылан. Ара 20-ҩык ауаа ҩнан.
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аршбеи Ҷыҭанааи абнақәа рбылра иазкны
2018 шықәса лаҵарамзазы Аԥсны апрокуратура хада инхоз рзыҳәала агәаҭарақәа мҩаԥнагеит, иагьышьақәнаргылеит аҩны Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә реабилитациатә центр абаланс аҿы ишықәгылаз.
Аҭҵаара алкаақәа рыла аргылареи архитектуреи рзы Аҳәынҭусбарҭа Апрокуратура хадахьы инанашьҭит ашәҟәы аҩны анхараз ишшәарҭоу шьақәырӷәӷәаны.
Апрокуратура хада аминистрра адҵа анаҭеит ахылаԥшратә усбарҭеи ацентр анапхгареи атәыла анхарҭатә закәанԥҵа иазԥхьагәанаҭо ауснагӡатәқәа рыдыркыларц.
Арадио
Кәыҵниа: ақалақь аҟны шаҟа ирацәоу аҟара агидрантқәа ҳус маншәалахоит амцакрақәа раан
Иара убасгьы Гагра араион анапхгара иаднагалеит, ақалақь ргыларатә закәанԥҵара ашәага-загақәа инарықәыршәаны "Демерџь-иԥа 35" аҭыӡҭыԥ ала игылоу ахыбра ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа иаҿыгазарц.
Аҩны иҩназ зегьы арҭ ашықәсқәа рызҵаара рыӡбап ҳәа иԥшын, изныкымкәа атәыла анапхгара рахь идҵаалахьан, аха лҵшәа рмоуит.