Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Иаанкылоу анеонацистцәа Киселиови Симониани шыршьшаз иазхәыцуан

Мшаԥы 25 рзы Урыстәыла АшәМ иааныркылеит урыстәылатәи ажурналист Владимир Соловиов ишьра зҽазызшәоз гәыԥҩык анеонацистцәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Москва азинмчра аусзуҩцәа иааныркылаз анеонацистцәа Амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиови амаҵзура RT адиректор хада Маргарита Симониани рышьра рҽазыршәон ҳәа аанацҳауеит РИА Новости атеррористцәа рҿахәҿыхра авидеоҭаҩра шьаҭас иҟаҵаны.

"Апропаганда алазырҵәо: Соловиов, Киселиов, Скабеева, Попов, Кеосаиан, Симониан шыршьшаз атәы иалацәажәон", - иҳәоит иаанкылоу руаӡәк.

Анеонацистцәа рҿы рықәшаҳаҭхеит ажурналист Владимир Соловиов ишьра рыҽшазыҟарҵоз, анаҩс аҳәаанырцәҟа ибналараны ишыҟаз.
Урыстәыла АшәМ адыррақәа рыла украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рнапынҵала ари аус зыгәҭакыз ахалаҟаҵаратә рԥжәага, "Молотов икоктельқәа" ааба, Макаров итапанчақәа фба, ашәарыцага шәақь, аграната РГД-5, еиуеиԥшым апатронақәа зқьы инарыцны, анаркотикқәа, украинатәи атәылауаҩшәҟә ԥаршеиқәа, амилаҭеилыхратә литература, атрибутика рыдбалан. Дара рганахьала ашьаус хацыркуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Иаанкылоуп ажурналист Соловиов ишьра еиҿызкаауаз анеонацистцәа ргәыԥ
Жәабран 25 рзы АшәМ атеррористтә гәыԥ агәҭакқәа шаԥдырҟәҟәааз атәы уаанӡа Апрокуратура хада аколлегиаҿы иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин. Иара иҳәеит Москва ишырдыруа украинатәи атеррористцәа напхгаҩцәас аҳәаанырцә маҵзура ҷыдақәа рҟынтә ирымоу рыхьӡқәеи рыжәлақәеи.