Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Иаанкылоуп ажурналист Соловиов ишьра еиҿызкаауаз анеонацистцәа ргәыԥ

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖурналист, теле- и радиоведущий Владимир Соловьев на заседании Совета Федерации РФ.
Журналист, теле- и радиоведущий Владимир Соловьев на заседании Совета Федерации РФ. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2022
Анапаҵаҩра
Ашьаусԥшааратә еилакы ашьаусԥшааратә усбарҭа хада акыр ихьанҭоу ацәгьоуразы ашьаус хацнаркит.
АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ ашьаус хацнаркит Украина аиҳабыра рыдҵала еицырдыруа урыстәылатәи ажурналист Владимир Соловиов ишьра еиҿызкаауаз анеонацистцәа ргәыԥ, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, амчратә усбарҭа адыррақәа шьаҭас иганы.
"Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи Ашьаусԥшааратә еилаки еилахәны иааныркылеит Урыстәыла ззин ыҟам анеонацисттә террористтә еиҿкаара "National Socialism/White Power"* ("Национал-социализм/Белая сила, власть"*) алахәылацәа ргәыԥ, урҭ зегьы Урыстәыла атәылауаа роуп, дара ргәы иҭан Украина Ашәарҭадаратә маҵзура адҵала еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ, урыстәылатәи ажурналист Владимир Соловиов ишьра", - ҳәа еиҭарҳәеит аусбарҭаҿы.
Уажәы иаанкылоу ауаа рҿы рықәшаҳаҭхара иаҿуп, урҭ ирҳәеит рыдҵа анынарыгӡалак, аҳәаанырцәҟа ицарц ргәы иҭан ҳәа.
Ацәгьоуратә гәыԥ алахәылацәа ангәарҭа, ирыдырбалеит "Молотов икоктеиль", Макаров итапанчақәа, ашәарыцагатә шәақь, артҟәацга, зкалибр еиуеиԥшым зқьы инареиҳаны ахҭрақәа, анаркотикқәа, иԥаршеиу украинатәи атәылауаҩшәҟәқәа, иара убас анационалисттә литература.
Жәабран 25 ашьыжь еицырдыруа урыстәылатәи ажурналистцәа ршьырц згәы иҭаз атеррористтә гәыԥ аусура АШәМ ишеиԥнарҟьаз атәы иҳәахьан Урыстәыла ахада Владимир Путин Апрокуратура хада аколлегиа аилатәараан.
"Ҳәара аҭахума, уажәы ус акгьы ргәы иҭамызшәа рҳәалашт, аха уи шьақәзырӷәӷәо аматериал ӷәӷәақәа ҳамоуп", - иҳәеит усҟан Путин.
ФСБ предотвратила теракт в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла АШәМ иааннакылеит 60-ҩык украинатәи агәыԥ "М.К.У." адгылаҩцәа
Иара адырра ҟаиҵеит Москва ишырдыруа украинатәи атеррористцәа мраҭашәаратәи амаҵзура ҷыдақәа рҟынтәи ркураторцәа азусҭцәоу, урҭ раԥхьа иргыланы Аԥшыхәратә усбарҭа хада (ЦРУ) иалоу роуп иҳәеит иара.
* Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә еиҿкаара
Ажәабжьқәа зегьы
0