Ҳазну ашықәс мшаԥымза 27 рзы Аҟәа, И. Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотекаҿы имҩаԥысит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 14-тәи Аизара ду. Аизара иалагаанӡа ашәҟәыҩҩцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит аԥсуа литература апатриарх, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа ибаҟа аҿаԥхьа. Уи ашьҭахь ашәҟәыҩҩцәа зегьы еицны абиблиотекахь инеит. Аизара ихы алаирхәит акультуреи аҭҵаарадырреи рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 14-тәи Аизара Ду алахәылацәа аԥсуа литература апатриарх, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.
© Foto / Анатоли Лагулаа
Ашәҟәыҩҩцәа Реизара ду алагамҭазы авидеоемадалара ҳаамҭазтәи аклассик ду, ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ашәҟәыҩҩцәа дрықәныҳәеит. Анаҩс амш аусхәаԥштә ахь ииасит. Аизараҿы инарҭбаан иалацәажәан хәышықәса рыҩнуҵҟа ҳаԥсуа литератураҿы иҟаз аизҳарақәеи агха-ԥхақәеи. Ражәахәқәа рыла иқәгылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу, Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩ Даур Наҷҟьебиа, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа, академик Зураб Џьапуа, ажурнал "Амцабз" аредактор хада Инна Аҳашба.
Аҵыхәтәан Аизара ду имҩаԥнагеит абжьыҭара. Уи алҵшәақәа рыла, Вахтанг Аԥҳазоу Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩыс деиҭалхуп, Аидгыла амаӡаныҟәгаҩыс - Даур Наҷҟьебиа, ажурнал "Алашара" аредактор хадас - Анатоли Лагәлаа, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хадас - Инна Аҳашба.
Иахьа абра инагӡаны иаҳкьыԥхьуеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реизара ду аҿы ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иажәахә.
"Ҳаԥсуа доуҳатә культура зықәгылоу ауасхыр хадақәа ируакуп ажурнал "Алашара". 1955 шықәса раахыс ари ажурнал аҿы рхақәҵаҵәҟьан аус руит ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рацәаҩны, урҭ рыхьӡқәа ҳлитература аҭоурых аҿы ахааназ ҳзызгәыдуу, ҳзыхӡыӡаауа ракәны иаанхоит. Урҭ зегь рыжәлақәа араҟа реиқәыԥхьаӡара аамҭа рацәа ҳцәагоит азы, иаҳгәалаҳаршәар ҳахәҭоуп еиуеиԥшым ашықәсқәа раан "Алашараҿ" редактор хадацәақәас аус зуаз. Урҭ иреиуоуп ҳашәҟәыҩҩцәа: Мушьни Аҳашба, Алықьса Џьонуа, Ҷиҷико Џьонуа, Алықьса Џьениа, Гьаргь Гәыблиа, Никәала Кәыҵниа. Арҭ ауаа ирылдыршаз ӷбакы иҭаӡом, шәҟәык-быӷьшәык ианылаанӡа ҳаԥсуа ԥхьаҩцәа иҭыжьны рнапы иадыркит ҳаԥсуа литература аӷьырак зегьы. Нас ари еиҳау аџьабаагь, абзабаагь ыҟамзар ҟалап ҳлитературтуреи ҳбызшәеи ирымоу амч еилызкаауа, пату ззақәу зегьы рзы.
Иахьагьы, аамҭа цәгьоуп, ари аус ҳҭаацәа ҳзаланыҟәгом, иҳахәаша даҽа уск ахь ҳаиасып ҳәа имхәыцит ҳредакциаҿ аус зуа аколлектив зегьы. Урҭ изҿу аус иаҵагылеит рыжәлар рзы иамаз аҵакы бзиа иазхәыцны, убри азоуп, иахьа иааиԥмырҟьаӡакәа, сааҭкгьы иагымхаӡакәа ажурнал аҭыҵра изаҿу, Аԥсны ахы-аҵыхәа зехьынџьара Гал инаркны Ԥсоунӡа знапы аҵаҩу араионқәа зегьы ианаамҭоу ироуеит.
Амала аӡәгьы игәы иаанамгааит аибашьра ҟалаанӡа ишыҟаз еиԥш, иааҭужьит, иаразнак иуҵган ирго иҟоушәа, мап, ҳара ианаамҭоу иагьыҭҳажьуеит, ҳхала ҳаԥхьаҩцәагьы ирызнаагоит. Уимоу, шықәсқәак раԥхьанӡа иҳаман ҳаԥсуа телехәаԥшреи ҳрадиои рҿы "Ажәа абжьы" ҳәа адырраҭара, уахь инаҳаԥхьон ҳавторцәа, ҳрылацәажәон ажурнал ианылоз аматериалқәа, ишьҭаҳхуан ҳбызшәеи, ҳадиаспореи, ҳаԥсадгьыл аҿы иҟоу егьырҭ еиуеиԥшым апроблемақәеи ирызку ацәажәара бзиақәа. Аха урҭ адырраҭарақәа уаанӡатәи ателерадиодырраҭара аиҳабыра иаԥырырхит, иахьатәиқәагьы, еиҭа ҿыц еиҿкааны ҳналагон еиԥш, ахә злаҳшәо ҳамам рҳәан, ԥшь-дырраҭарак ҟаҳҵахьан, иааныркылеит…
Аха, аус злоу, ажурнал ҭыҵуеит, иаԥхьарц зҭаху зегьы рзыҳәан ақьаадтә версиа змамгьы, ирымоуп алшара аинтернет аҿы иаԥхьартә, Аԥсны мацара акәымкәа, адунеиаҿ зехьынџьара. Уи ҭоуп Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аҿеиԥш, Facebook адаҟьақәа рҿгьы, уаҟа иаԥҵоуп ажурнал "Алашара" адаҟьа. Уаҟа, 2014 шықәса раахыс ажурнал аномерқәа иҭыҵхьоу зегьы еихрышәшәо урыԥхьар улшоит. Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп, иҵегь иҭҳажьхьоу, егьырҭ ахара иҟоу ашықәсқәа рахьгьы ҳнаӡарц, уи даара иманшәалахоит ақьаадтә версиа ашьҭыхра иашьҭам иахьатәи аҿар рзы, ркомпиуторқәа рҿгьы, рҭелқәа рҿгьы иманшәаланы џьабаада ирыԥхьаларц ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа иналукааша рырҿиамҭақәа зегьы.
Абраҟа далкаан, даара иҭабуп ҳәа иаҳәатәуп Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аԥҵаны, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәеи, рҭоурыхи, рнысымҩақәеи аԥсышәалеи урысшәалеи адунеи зегьы ирбартә иахьыҟаиҵаз азы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу. Уи иахьа ицхыраагӡа дуны измоу даара ирацәаҩуп. Иара убасгьы Виачеслав Бигәааи иареи 1917 шықәса рзы урысшәала еицҭрыжьыз "Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Абиблиографиатә жәар" шаҟа ицхыраагӡа дуузеи. Амала, акызаҵәык, уи хымԥада еиҭаган аԥсышәалагьы иҭыжьтәуп, зда ԥсыхәа ҳамам шәҟәхоит.
Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Екатерина Бебиа
© Foto / Анатоли Лагулаа
Ажурнал "Алашара" аредакциа аусзуҩцәа аамҭа ауадаҩрақәа рыҽрыҵадмырхеит, иахьатәи аҭагылазаашьала уахәаԥшуазар, руалафахәқәа даара ишмаҷугьы, ари рхәышҭаара ду ааныжьны иаԥырымҵит, дара ирыгхоз хьаас имкыкәа, аредакциа аус акагдмырхеит… Абри аганахьала, "Алашара" аусзуҩцәа зегьы ухырхәан иҭабуп ҳәа роуҳәартә иҟоуп, иахьатәи абиԥарақәа рҟынӡа иахьааргаз ажурнал аштатқәа зегьы еиқәырханы, уи ашәхымс ихыҵуаз, иаалукаартә иҟоу аҩымҭақәа зегьы акьыԥхь рбартә алшара ахьроуз. Амала, даара ииашамкәа, исабаԥымкәа иаҳзыруит уаанӡатәи аиҳабыра, ҳтиражи, ҳгонорари, ҳапремиақәеи иахьрыгдырхаз. Ҳтираж зқьы ыҟан, хәышә цыра хәыда-ԥсада Аԥсны ашколқәа зегьы ирзаҳшон. Кризисуп, акультура ҳацрамсыр ауам рҳәан иҿахырыҵәҵәеит, егьырҭ акультуратә хәышҭаарақәагьы ҩыџьара-хыџьара ус рзыруит, аха иџьаушьаша, уа аус зуаз уаҩы иаҳартә, ибартә аҟылԥ рҿыҵымшәеит.
Сгәы иаанагоит, уи ҳара аредакциа "Алашараа" еиҭашьақәҳаргылоит ҳәа, аҭыԥ аҿы инаҳгоит ҳәа рацәак хара имгакәа…
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоуи апоетцәа аҿарацәа Абзагә Ҟалӷьи Аинар Ҷыҭанааи
© Foto / Анатоли Лагулаа
Абраҟа иазгәаҭатәуп уаҩ дзеигәырӷьаша даҽакгьы. "Алашара" атрадициа бзиақәа еиқәырханы, уимоу, уааигәырӷьартә еихаҳауа иааиуеит еиҵагыло арҿиара знапы алаку аҿар ралԥшаара аганахьала. Араҟа иаҳкьыԥхьуеит, иуҳәаргьы ԥхашьараӡам, зегь раԥхьа акәны ҳара ицәыраагеит ҳәа апоетцәа ҿарацәа - злитературатә ус хада шьҭамҵакәа иааиуа Дырмит Габалиа, Абзагә Аҟалӷьба, Аинар Ҷыҭанаа, Шьазина Бганба, Алмас Шьалашьаа, даара уаазеигәырӷьаша акритик қәыԥшцәа Дифа Габниаԥҳаи Инал Гыцбеи уҳәа убас ирацәаҩны. Урҭ абжаҩык иахьа рышәҟәқәа ҭыҵхьеит, иахьынӡаҳалшо ҳалаԥш рхуп, уимоу, ажурнал апремиақәагьы акырынтә иранашьахахьеит…
Иахьа ҿыӷәӷәала иуҳәар ауеит "Алашара" ҳлитература иацентруп ҳәа. Араҟа ашәхымс ихыҵыз аҩымҭақәа мышьҭабзиала ҳлитература аӷьараҳәа иалагылоуп, иахьа ҳгәы рыладууп. Активла аус ҳацызуа ҳашәҟәыҩҩцәа зегьы аӡәаӡәала ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Сара агәра згоит, акыршықәса рышьҭахь ҳжурнал аашьҭызхуа ҳаԥхьаҩцәа ирзеиқәырхан рнапаҿы инагоу аҩымҭақәа иахьдыргәырӷьаз, иахьдырҵәыуаз, инарҵаулан иахьдырхәыцыз, рҭоурыхи рбызшәеи ахьеиқәдырхаз азы ихырхәан иҭабуп ҳәа шырҳәо!.. Иҟалап, уи еиҳау даҽа ҳамҭак ыҟамзаргьы…
Ҿыӷәӷәала иҳәатәуп ҳара иахьынӡахәҭоу ицәыргам алитература бзиа шҳамоу... Амала, иҟалап уажәшьҭа иахәҭазар ашәҟәыҩҩы имоу зегьы ааидкылан томла аҭыжьра ахаҭыԥан, иаԥиҵахьоу иреиӷьӡоу ааизганы рҭыжьра... Сгәанала, уи ҳаԥхьаҩ еиҳа дазыԥшуп, еиҳа ихәоит... Даара иазхәыцтәуп иахьа алитература иазку ҳахрестоматиақәа реиқәыршәашьа... Еиҳаракгьы, сара ибзиан сыргәылаԥшхьеит урҭ ашәҟәқәа, аабатәи инаркны ажәеизатәи аклассқәа рҟынӡа, агәра шәсыргоит, абра итәоу ҳашәҟәыҩҩцәа абжеиҳараҩык шәыхьӡқәеи шәҩымҭақәеи уа зынӡагьы ишарбам... Шәара зегьы шәахьыҟоу, ашәҟәыҩҩцәа рыхьӡқәа ахьеиқәырыԥхьаӡо, аҵыхәтәан раԥхьажәақәа ахьыхдыркәшо, абаҩхатәра бзиа змаз апоет Рушьбеи Смыр инаҩыс, уҳәа, убас егьырҭгьы рҿы ауп!.. Ишыжәдыруа еиԥш, уҳәа убас егьырҭгьы, акәаԥрацәа иаҩызоуп, алитератураҿы егьаанагаӡом, иҟазаргь ауеит, иҟамзаргь ауеит!.. Избан, аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩнуҵҟа ҳжурнал ианылахьоу иреиӷьӡоу алитературатә рҿиамҭақәа, ҳаԥсуа хәыҷқәа рашҭа изҭамлара, рыхрестоматиақәа изырнымлара?! Рылаҿы изымааири урҭ ашәҟәқәа еиқәзыршәо, аредакциақәа рзызуа аредакторцәагьы, ҳара иаабаз ҳаԥшьоит ҳәа мацараз аума уа изтәоу, изырымҳәои ргәаанагара, рыбжьы заҳмаҳауеи ҳара?! Сара издыруеит, урҭ еиқәзыршәо аинститут шыҟоу, уи анапы ишану, аха убарҭгьы ҳара ҳгәаанагара иазхьаԥшлар рыхәҭоуп…
Сара агәра згоит ҳара иахьа иҳамоу алитература бзиа абжа ҳхәыҷқәа ирцәыҵәахны ҳтәоуп ҳәа, уажәшьҭа иаамҭоуп урҭ ахрестоматиақәа реилыршәшәара, бла ҿыцла рыхәаԥшра, гьама бзиала, ҟазарыла иаԥҵоу арҿиамҭақәа зегьы ҳхәыҷқәа рҟынӡа инагалатәуп, мамзар абра итәоу ашәҟәыҩҩцәа аӷьыраҩык убри аганахьала шәџьабаа аӡы иагоит, шәхақәҵан шәызҿу шәусԥшьа изызҳауа ҳҿар ирыцәтәымны, ирзымдырӡо иаанхоит...
Ҳжурнал аҿы ҳара даара иҳагуп апрозатә форма кьаҿ, ажәабжьи, адраматургиатә ҩымҭақәеи… Акритикагь рацәаӡам, аха уа ҳақәхауа ҳаналаго, аҿаҵақәа ҟаҳҵоит, еиҿаҳкаауеит еиуеиԥшым алитературатә гәаанагарақәа рҳәашьа аформа. Уажә аҵыхәтәан еиҿаҳкааит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳлитературатә процесс ахцәажәара иазку "Аимак-аиҿак". Уаҟа ргәаанагарақәа рыла иқәгылеит Виачеслав Бигәаа, Владимир Занҭариа, Даур Наҷҟьебиа, Елеонора Коӷониаԥҳа, Дифа Габниаԥҳа. Аицәажәарахь иааԥхьоуп ҳлитераторцәа аӡә даанмыжькәа, шәыстатиақәа ҳарзыԥшуп абра итәоу зегьы, шәааи, иаартны еибаҳҳәап иахьатәи алитературатә процесс иазку ҳгәаанагарақәа, ҳарҟәаҵып ҳлитература аҩаӡараҟынӡа иҟам ацәажәарақәа, ҳаҭырқәҵарыла, патула еибаҳҳәап ҳагхақәа, уи ҳлитературатә климат иазеиӷьхоит, досу иҭыԥгьы идыруа дҟалоит…
Рацәак ҵуам ҳара еиҿаҳкааижьҭеи еиуеиԥшым анкетақәа - апрозеи, апоезиеи, ароманқәеи ирызкны досу иалыркаауа, еиҳа изыԥхьо рзы ргәаанагарақәа. Убраҟа иубоит ашәҟәыҩҩцәа рхәыцшьа, еиҳа изыԥхьо, еиҳа иалыркаауа аҩымҭақәа. Усеиԥш еиҿукааша рацәаӡоуп, избанзар, убриаҟара шәҟәы ҭыҵны иҟоуп ажәак зыхҳәаам, иӡыргам, ҳаԥсуа критика аҿымҭшьа даара уаршәартә иҟоуп, арахь, алитературазы аспециалистцәа, афилологиатә ҭҵаарадырраҿы акандидатцәа аумаҷху, аха иазууеи, ианҽыжәлоз рҟамчқәа рымпыҵшәеит!
Иахьа ҳара, шәара ишыжәдыруа еиԥш, шықәсык фынтә ҳҭыҵуеит, ҳашәҟәыҩҩцәа рактив абжеиҳараҩык ҳара ҳҟны ауп иахькьыԥхьуа, аха иҟоуп ҳаидара ҳацеиҩызшо акьыԥхьтә усбарҭақәа , "Аамҭа", "Амцабз", "Аԥсны аҟазара" "Аҟәа", "Еҵәаџьаа", иара убасгьы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы гьама ҳаракыла ашәҟәы бзиақәа ҭзыжьуа "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа". Уи азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа, амала иҵегь ацхыраара имазҭгьы, иҵегь ҳиргәырӷьон…
Ҳарҭ акьыԥхьтә усбарҭақәа зегьы ирхагылоу ҳапроблема акоуп, ҳазҿугьы акоуп, ус анакәха, сгәы иаанагоит, иҵегь аигәныҩра ҳабжьаҵаны, ҳапроблемақәа рыӡбараҿы шаҟа ҳаидгыло аҟара, шаҟа ҳабжьы еицҳарго аҟара, урҭ рыӡбарагьы мариахоит, ҳашьҭахь иааиуагьы, ҳара ҳазҿыз аус иааины ианахагылалак, ҳара ҳаҟара апроблемақәа рызцәырҵӡом, рырҿиареи дареи еизынхоит… Убас ианаҳзыҟаҵа ауп аҿаргьы ҳлитературахь уаҩҵас ианхьаԥшуа, акәымзар, иахьа сара издыруа, алитература знапы алаку аҿар абжеиҳараҩык, ҳуалафахәқәа ахьмаҷу азы, акырџьара аус руеит, ҳара ҳҿы инырхша рымч рыԥсаҟьоит, уи, ишыжәдыруа еиԥш, аус иазеицәахар алшоит…
Вахтанг Аԥҳазоу Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы
© Foto / Анатоли Лагулаа
Иахьа, алитература шьҭыхны иаазго ауаа даара имаҷыҩхеит, аамҭа иарааԥсаз, икарахаз рацәаҩуп. Абжаҩык, изеицәааӡари, иззыԥшыз абзиарақәа рымбаӡакәа иниасны ицеит… Ҳара абра, иахьа ҿыц Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахадарахь иалаҳхуа ауаа ирылымшаша рылдыршароуп, ҳлитературеи ҳбызшәеи раҳаҭыраз, убри аусԥшьа зхақәҵан ҳара ҳҟынӡа иаазгаз раҳаҭыраз, ауал ҳшаҵоу ҳмиасроуп уаҵәы игылоу рҿаԥхьа… Урҭ убас иҟарҵароуп, аредакциа аусзуҩцәа рырҿиаратә уси дареи еизынхартә, атипографиеи, ақьаади, афинансқәа рминистрреи, аиҳабыреи рахь хьаа рымамкәа, ҳарҿиаратә хәышҭаарақәа рыпроблемақәа зегьы, урҭ зҵазкуа аусбарҭақәа рхадара ирыӡбартә… Ус ианыҟала, ус иагьахәҭоуп иара, агәра шәсыргоит, досу ҳарҿиаратә хәышҭаарақәа уаареигәырӷьаратәы ҳмилаҭ зегьы хәыжжаӡа идырԥхартә ишыҟало!..
Насгьы, абраҟа инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп даҽакгьы. Ҳара иҳамоуп абаҩхатәра ду змоу ашәҟәыҩҩцәа бзиаӡақәа, ҳлитератураҿы иаҳзышьҭоуп ауасхыр ӷәӷәа, убри азы ҳара азин ҳамаӡам уажәшьҭа даара иԥсыҽу арҿиамҭақәа алитература агәашә рҭажьлара, илаҳмырҟәыроуп уаанӡа ҳаиҳабцәа иаҳзынрыжьхьоу аҩаӡара, ианамуӡах, аҩымҭа ԥсыҽ акьыԥхьра аҵкыс, ҳаклассикатә ҩымҭақәа еиҭаҳкьыԥхьлар еиҳа еиӷьуп, урҭ еиҳа ҳҿырхуеит… Амала, уи зынӡа ԥсыхәа анамам, хыԥхьаӡарала аԥсыҽқәа еиҵахарц азы, ҳкьыԥхьымҭақәа рӷьырак рҭыԥ рымгарц азы… Избанзар ҳара есымша Шьынқәбеи, Гогәуеи, Аҳәбеи, Џьениеи, Аџьбеи рҩызцәа ҳауӡом, аха иҳамоу рҟынтәи, иреиӷьӡоу рырҿиамҭақәа ралхшьа ҳақәшәароуп…
Акультуреи аҭҵаарадырреи рзы Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуеи алитературатә критик Руслан Қаԥбеи.
© Foto / Анатоли Лагулаа
Сара даара исҭахуп Анзор Мықәба иааивагылаша драматургк дгыларц, Геннади Аламиа иеиԥш инарҵаулан ихәыцуа поетк дцәырҵырц, Даур Наҷҟьебиа иеиԥш ашәҟәҭыжьрагьы иазҟазаны, алитератураҿгьы Аԥсны аҳәаақәа ҳарҭырго дцәырҵырц, Руслан Қапбеи Валентин Кәаӷәаниеи реиԥш иахьатәи ҳаԥсуа литература бзиаӡан издыруа, иагьҭызҵаауа ааҳалагыларц, Гәында Кәыҵниаԥҳаи, Гәында Сақаниаԥҳаи реиԥш алирикеи, афилософиеи, ҳбызшәа ахаареи еиқәзырхо ииларц!.. Иахьа неилых ҟамҵаӡакәа аӡәаӡәала ҳашәҟәыҩҩцәа зегьы шәџьабаа ӷәӷәоуп, шәара шәызҵагылан иаажәго аус макьаназ иахьынӡахәҭоу аҳракырахь ҳҳәынҭқарра иазышьҭымхӡацт. Шәара шәоуп рҿы зырцәажәо ҳгазеҭқәа, ҳжурналқәа, ҳашәҟәқәа. Ус анакәха, шәара шәахь ихьарҳәтәуп акыр зылшогьы рымч, рылаԥш, раԥхьа иргылан, шәара шәоуп ҳбызшәа иаҵәатәышьаҟоу… Уи даара пату ақәҵатәуп, уи абла ҷыцеиԥш ихьчатәуп. Амал змоу зегьы рыԥсы ҭанаҵы дара ракәушәа рбоит Аԥсны амаа зку, аха мап, Аԥсны амаа зку, Аԥсны иахамышҭуа шәара шәоуп, урҭ зегьы аамҭалатәуп…
Сажәахә хәыҷ ахыркәшамҭаз, ишәгәаласыршәар сҭахуп, ҳпоет ду Баграт Шьынқәба ицәаҳәақәа, ажурнал "Алашара" аԥсҭазаареи аҿиашьеи ирзукыртә иааиҭарсны:
Шаҟаџьара скаҳаз, сгылаз,
Шаҟаџьара сгәы лакҩакыз!..
Урҭ зегь усым, жәантә иаҳҳәаргьы,
Шәымҩа, маҷӡак иадамхаргьы,
Ишәзыласхар сыбзоурала,
Анасыԥгьы убриоуп са стәала!..