https://sputnik-abkhazia.info/20220313/asua-literatura-aakhy-zo-azhurnal-alashara-syntati-akti-anomer-yit-1037756450.html
Аԥсуа литература аҿахәы зҳәо: ажурнал "Алашара" сынтәатәи актәи аномер ҭыҵит
Аԥсуа литература аҿахәы зҳәо: ажурнал "Алашара" сынтәатәи актәи аномер ҭыҵит
Sputnik Аҧсны
Апоет, алитература-критикатә журнал "Алашара" аредактор хада, Sputnik апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" автор Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭаҿы иҳадигалоит аизга... 13.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-13T18:18+0300
2022-03-13T18:18+0300
2022-03-13T18:20+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102877/05/1028770554_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_2b5f40d4e8b9ab28062ca9fd55237592.jpg
Иҭыҵит ажурнал "Алашара" актәи аномер. Уи аатуеит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра аиубилеи иазку адныҳәалара ала. Уаҟа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурнал "Алашареи" еицыҟарҵаз адныҳәалараҿы иазгәарҭоит: "Аԥсуа сахьаркыратә литература арҿиараҿы зылшара шьардоу Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 90 шықәса ихыҵра аиубилеи культуратә хҭыс дууп амилаҭтә культура зегьы азы. Аханатә ауаажәларратә псҭазаара иалагылоу, еснагь зыжәлар рҿахәы зҳәо, Аԥсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа дреиуаны, ҳтәыла аҩнуҵҟа еиԥш, анҭыҵгьы ихыԥша наҩуеит, ихьӡ рдыруеит. Ԥсабарала ҳазшаз илеиҵаз абаҩхатәра зырҿиара даараӡа ианыԥшыз, зымҽхак ҭбаау, зҩымҭақәа ажәлар ирылаҵәахьоу, 1959 шықәса рзы, СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь дрыдыркылеит, Аԥсни Урыстәылеи Реидгылақәа дрылоуп. Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭкарратә премиеи, "Ахьӡ -Аԥша" аорден актәи аҩаӡареи занашьоу, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи Жәларбжьаратәи Адыгатә академиеи ҳаҭыр зқәу алахәыла, Аԥснытәи ахәынҭкарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, заԥҵамтақәа еиуеиԥшым алитературатә конкурсқәа рҟны иалыркаахьоу, мшаҽнеиԥш ирҿиамҭа ҽыцқәа рыла аԥхьаҩцәа иргәырӷьоит. Ҳазшаз илаԥш хаа ихызааит, шьардаамҭа иԥсадгьыли ижәлари дрыгымзааит!.." Абраҟа ажурнал иануп ашәҟәыҩҩы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз иажәабжь ссирқәа: "Аӡыжьи" "Ахәмарреи." Иара убасгьы ажурнал аҿы аԥхьаҩ иԥылоит ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуеи ажурнал "Алашара" аредактор хадеи инарҭбаау реиҿцәажәара. Апроза аҟәшаҿы иуԥылоит апоет, академик Владимир Занҭариа иажәабжь ҿыц "Ас еиԥш иџьашьахәу аеҵәақәа ахаангьы иҳамбацт уаҟа Мурманск!" Иазгәаҭатәуп, Владимир Занҭариа аҵыхәтәантәи аамҭазы раԥҵара дшалагаз апрозатә рҿиамҭақәа, "Алашара" сынтәа иакьыԥхьраны иҟоуп ашәҟәыҩҩы инеиҵыху иповест. Сынтәа диижьҭеи 85 шықәса ҵит Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба. Ажурнал иануп уи шықәсқәак раԥхьа иикьыԥхьхьаз алитература иазку иреиӷьӡоу истатиақәа ируаку "Дзырыҩуазеи ашәҟәыҩҩы?" Уаҟа автор иазгәеиҭоит: "Абаҩхатәра ԥсабарала зшьа-зда иалам, асахьаркыратә ҩымҭа ихы-игәы ирҭыҵны, инапқәа ирзыҩуам. Ус анакәха, ашәҟәыҩҩы, анцәа дыззылԥхаз иоума? Хымԥада! Ибзиоуп, ҳақәшаҳаҭуп. Аха дызусҭада иара, анцәа дыззылԥхаз ҳәа узҿу? Дарбану абаҩхатәра иашаҵәҟьа имоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо? Уигь аҭак аҟаҵара мариаӡоушәа убоит… Абла ахьҭам– алабжыш аауам. Агәаҟ - дажәаҳәаҩуп… Абаҩхатәра ԥсабарала зшьа-зда иалам, асахьаркыратә ҩымҭа, ихы-игәы ирҭыҵны, инапқәа ирзыҩуам, ус анакәха, ашәҟәыҩҩы анцәа дыззылԥхаз иоума? Хымԥада! Ибзиоуп! Ҳақәшаҳаҭуп! Аха дызусҭада иара, анцәа дыззылԥхаз ҳәа узҿу? Дарбану абаҩхатәра иашаҵәҟьа имоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо? Уигьы аҭак аҟаҵара мариаӡоушәа убоит. Аҳәатәы змоу, аҳәашьагьы здыруа. Уаԥхьа аҩымҭа, ҩ-зҵаарак уаԥхьа инықәыргыланы. Аҳәатәы имазма? Аҳәашьа идыруазма? Иҟауҵаз аҭак ыиасуеит ибаҩхатәрахь. Аҳәатәы, аҳәарҭа иоур, аҳәашьа дақәшәар, аԥсуа шәҟәыҩҩы иаҟарагьы аҳәатәы змада? Кьыс змаӡам адәаӡа иаҩызаха ишьҭоуп аҭоурыхтә тема". Сынтәа 85 шықәса ҵит ҳажәлар бзиа еицырбоз апоет Терент Ҷаниа диижьҭеи. "Алитературатә ҭынха" арубрикаҿ иануп акьыԥхь зымбац уи иажәеинраала ҿыцқәа. Абраҟа иааҳгоит урҭ ажәеинраалақәа рахьынтә аибашьҩы изку жәеинраалак: "Дықәԥон арԥыс ахақәиҭраз,Ажәҩан даҵасуа даун. Уи зынӡаск имаҷын иқәра, Аха ақәԥараҿ ддаун… Еизеит ажәлар - иахьа ныҳәан, Рԥыск изыркит абаҟа. Уахьихәаԥшуаз зынӡа дныхан, Аха маҷк дыԥшуан ҵаҟа. Дрыздырӡомызт уи хьыӡҳәала, Инаԥшы-ааԥшуан зегьы. Аха уи ихаҵарала, Дырдыруазаарын зегьы!.. Ҳаԥхьаҩцәа рзы даара интересс икны изыԥхьаша рҿиамҭақәоуп апоет-аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа иахьа уажәраанӡа акьыԥхь зымбац ипародиақәа. Апоет-акритик, ҳаԥсуа литература иазынижьыз хәы змаӡам ипоезиатәи икритикатәи рҿиамҭақәа акы иаарыҵамхо ирылагылоуп ипародиақәеи, иепиграммақәеи, исатиратә жәеинраалақәеи. Урҭ иахьа уажәраанӡа акьыԥхь зымбац рацәоуп, абраҟа иааҳгоит иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо иепиграммақәа руак: Абжьагажәа (Депутатк иахь) Уҽы ԥаџьԥаџьуа иузаҳкәадыруеит, Уҽыжәаҳҵоит, уҽышькыл нкылан. Аха иумаз игәынкылан, Аҽыжәҵшьеиԥш, аҽыжәхшьагь ҳдыруеит!.. Ажурнал абри аномер аҿы "Аиҭага ҿыцқәа" арубрика аҟны аԥхьаҩ иԥылоит адунеи зегьы еицырдыруа, иреиӷьу атеатрқәа зегьы рҿы иқәдыргылахьоу Александр Грибоедов ԥшь-қәгыларак змоу, иажәеинраалоу икомедиа "Зыхшыҩ зызрыцҳарахаз". Уи аԥсшәахь даара ҟазарыла иеиҭеигеит апоет Геннади Аламиа. Анҵәамҭа анылараны иҟоуп ажурнал сынтәатәи аҩбатәи аномер. Абраҟа иааҳгоит Чацкии Софиеи икьаҿӡоу рдиалог: Чацки: О, Анцәа! Исыхәҭоума срыԥхьаӡарц Сқьачақьны - саацәажәар, иччарц? Аччархә дызбеит, ччараха исысуеит, Сгәы аниқәҿыӷьлак, схырсысуеит. Софиа: Узҿу уажәы схахьы дааиуам ҵаны, Молчалин дыччархәны сыздыруам. Шәеибадырыр иҵегь иааигәаны… Сынтәа апоет Лиолиа Тәанԥҳа диижьҭеи 70 шықәса ҵит. Уи лырҿиара еиҳараӡакгьы ҳаԥхьаҩцәа ианеицгәарҭаз аибашьраан "Аиааира ашәа" захьӡу ажәеинраала анылҩы нахыс ауп. Аха автор уаҟагь даанымгылаӡеит, иаԥылҵеит иҵегь ԥсра зқәым ажәеинраалақәа. Лиолиа аԥсуа-қырҭуа еибашьра даара иӷәӷәаны илыцрасит, уаҟа хаҵарыла дҭахеит шәҩык аибашьцәа ирыԥсаз лашьазаҵә Аԥсны Афырхаҵа Завер Тәанба. Аха лара уи ахьаа лҽалымҭеит, даиааит, хаҵарыла еибашьуаз лыжәлар рхаҵара дазышәаҳәеит, рҿахәы лҳәеит. Иахьа абраҟа ишеибгоу иааҳгар ҳҭахуп, иахьауажәраанӡа автор лышәҟәқәа акгьы иагәыламшәацыз, акьыԥхь зымбац, ааигәа уи лаҳәшьа гәакьа апоет лархив дшалаз илыԥшааз, ажәеинраала "Идырым аҳаҭгәын." Идырым, идырым, Адыргақәа нҵәом. Уарбан идырым, Уҿымҭра сзыхгом. Уарбан иҩашьаз, Уарбан сашьа. Сгәаҿоума уахьыршьыз, Игәаҟуеит са сшьа. Иабаҟоу утәыла, Дабаҟоу уҭынха? Уазгылон гәышԥылаАԥсны алахьынҵа. Аиаша уа уашьҭан, Аиашаз уқәԥон. Уажәақәа еиҭарҳәон, Са сылаӷырӡ цон… Идырым, идырым, Адыргақәа нҵәом, Уарбан идырым, Уҿымҭра сзыхгом… Сан уара уан лоуп, Уаҳәшьа сара соуп. Сашәақәа урылоуп, Уфырхаҵоуп, уаԥсоуп!.. "Акритикеи", "Аҿар рыбжьи", "Нарҭаа рҳәамҭақәеи", "Алитературатә ҭынхеи" рыҟәшақәа рҿы иуԥылоит ашәҟәыҩҩцәа Валери Касланӡиеи, Виачеслав Бигәааи, Зураб Џьапуеи, Светлана Қәарсаиеи, иара убасгьы даара ҳзықәгәыӷуа аҿар Аинар Ҷыҭанааи , Ефрем Ҳагбеи, Хьыбла Хәарцкьиеи рырҿиамҭақәа. Ажурнал "Алашара" актәи аномер иаарласны Аԥсны араионқәа зегьы рҿы инагахоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220306/azhlar-rzy-ikhyragakhaz-alysa-gogua-itsazhara-1037893407.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220312/amtsa-akhakuaz-ineiuaz-ashyy-uma-aba-diizhei-85-shysa-it-1038062258.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220220/asasha-zyraz-atsyra-terent-ania-igalashara-iazkny-1037636621.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220123/asua-parodia-azaza-du-vladimir-anaria-igalasharazy-1037075178.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211212/adunei-azlalakhu-byzshaloup-gennadi-alamia-itsazhara-1036659464.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220119/zheinraalak-ishnaaaz-apoet-liolia-tana-diizhei-70-shysa-it-1037186393.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102877/05/1028770554_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_61b0d1ec571869e559b54e6c2bd84a7e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Аԥсуа литература аҿахәы зҳәо: ажурнал "Алашара" сынтәатәи актәи аномер ҭыҵит
18:18 13.03.2022 (ирҿыцуп: 18:20 13.03.2022) Апоет, алитература-критикатә журнал "Алашара" аредактор хада, Sputnik апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" автор Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭаҿы иҳадигалоит аизга сынтәатәи актәи аномер ахҳәаа.
Иҭыҵит ажурнал "Алашара" актәи аномер. Уи аатуеит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра аиубилеи иазку адныҳәалара ала. Уаҟа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурнал "Алашареи" еицыҟарҵаз адныҳәалараҿы иазгәарҭоит: "Аԥсуа сахьаркыратә литература арҿиараҿы зылшара шьардоу Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 90 шықәса ихыҵра аиубилеи культуратә хҭыс дууп амилаҭтә культура зегьы азы. Аханатә ауаажәларратә псҭазаара иалагылоу, еснагь зыжәлар рҿахәы зҳәо, Аԥсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа дреиуаны, ҳтәыла аҩнуҵҟа еиԥш, анҭыҵгьы ихыԥша наҩуеит, ихьӡ рдыруеит. Ԥсабарала ҳазшаз илеиҵаз абаҩхатәра зырҿиара даараӡа ианыԥшыз, зымҽхак ҭбаау, зҩымҭақәа ажәлар ирылаҵәахьоу, 1959 шықәса рзы, СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь дрыдыркылеит, Аԥсни Урыстәылеи Реидгылақәа дрылоуп. Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭкарратә премиеи, "Ахьӡ -Аԥша" аорден актәи аҩаӡареи занашьоу, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи Жәларбжьаратәи Адыгатә академиеи ҳаҭыр зқәу алахәыла, Аԥснытәи ахәынҭкарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, заԥҵамтақәа еиуеиԥшым алитературатә конкурсқәа рҟны иалыркаахьоу, мшаҽнеиԥш ирҿиамҭа ҽыцқәа рыла аԥхьаҩцәа иргәырӷьоит. Ҳазшаз илаԥш хаа ихызааит, шьардаамҭа иԥсадгьыли ижәлари дрыгымзааит!.."
Абраҟа ажурнал иануп ашәҟәыҩҩы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз иажәабжь ссирқәа: "Аӡыжьи" "Ахәмарреи."
Иара убасгьы ажурнал аҿы аԥхьаҩ иԥылоит ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуеи ажурнал "Алашара" аредактор хадеи инарҭбаау реиҿцәажәара.
Апроза аҟәшаҿы иуԥылоит апоет, академик Владимир Занҭариа иажәабжь ҿыц "Ас еиԥш иџьашьахәу аеҵәақәа ахаангьы иҳамбацт уаҟа Мурманск!" Иазгәаҭатәуп, Владимир Занҭариа аҵыхәтәантәи аамҭазы раԥҵара дшалагаз апрозатә рҿиамҭақәа, "Алашара" сынтәа иакьыԥхьраны иҟоуп ашәҟәыҩҩы инеиҵыху иповест.
Сынтәа диижьҭеи 85 шықәса ҵит Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба. Ажурнал иануп уи шықәсқәак раԥхьа иикьыԥхьхьаз алитература иазку иреиӷьӡоу истатиақәа ируаку "Дзырыҩуазеи ашәҟәыҩҩы?" Уаҟа автор иазгәеиҭоит:
"Абаҩхатәра ԥсабарала зшьа-зда иалам, асахьаркыратә ҩымҭа ихы-игәы ирҭыҵны, инапқәа ирзыҩуам. Ус анакәха, ашәҟәыҩҩы, анцәа дыззылԥхаз иоума? Хымԥада! Ибзиоуп, ҳақәшаҳаҭуп. Аха дызусҭада иара, анцәа дыззылԥхаз ҳәа узҿу? Дарбану абаҩхатәра иашаҵәҟьа имоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо? Уигь аҭак аҟаҵара мариаӡоушәа убоит… Абла ахьҭам– алабжыш аауам. Агәаҟ - дажәаҳәаҩуп… Абаҩхатәра ԥсабарала зшьа-зда иалам, асахьаркыратә ҩымҭа, ихы-игәы ирҭыҵны, инапқәа ирзыҩуам, ус анакәха, ашәҟәыҩҩы анцәа дыззылԥхаз иоума? Хымԥада! Ибзиоуп! Ҳақәшаҳаҭуп! Аха дызусҭада иара, анцәа дыззылԥхаз ҳәа узҿу? Дарбану абаҩхатәра иашаҵәҟьа имоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо? Уигьы аҭак аҟаҵара мариаӡоушәа убоит. Аҳәатәы змоу, аҳәашьагьы здыруа. Уаԥхьа аҩымҭа, ҩ-зҵаарак уаԥхьа инықәыргыланы. Аҳәатәы имазма? Аҳәашьа идыруазма? Иҟауҵаз аҭак ыиасуеит ибаҩхатәрахь. Аҳәатәы, аҳәарҭа иоур, аҳәашьа дақәшәар, аԥсуа шәҟәыҩҩы иаҟарагьы аҳәатәы змада? Кьыс змаӡам адәаӡа иаҩызаха ишьҭоуп аҭоурыхтә тема".
Сынтәа 85 шықәса ҵит ҳажәлар бзиа еицырбоз апоет Терент Ҷаниа диижьҭеи. "Алитературатә ҭынха" арубрикаҿ иануп акьыԥхь зымбац уи иажәеинраала ҿыцқәа. Абраҟа иааҳгоит урҭ ажәеинраалақәа рахьынтә аибашьҩы изку жәеинраалак:
"Дықәԥон арԥыс ахақәиҭраз,
Еизеит ажәлар - иахьа ныҳәан,
Уахьихәаԥшуаз зынӡа дныхан,
Дрыздырӡомызт уи хьыӡҳәала,
Ҳаԥхьаҩцәа рзы даара интересс икны изыԥхьаша рҿиамҭақәоуп апоет-аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа иахьа уажәраанӡа акьыԥхь зымбац ипародиақәа. Апоет-акритик, ҳаԥсуа литература иазынижьыз хәы змаӡам ипоезиатәи икритикатәи рҿиамҭақәа акы иаарыҵамхо ирылагылоуп ипародиақәеи, иепиграммақәеи, исатиратә жәеинраалақәеи. Урҭ иахьа уажәраанӡа акьыԥхь зымбац рацәоуп, абраҟа иааҳгоит иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо иепиграммақәа руак:
Абжьагажәа (Депутатк иахь)
Уҽы ԥаџьԥаџьуа иузаҳкәадыруеит,
Уҽыжәаҳҵоит, уҽышькыл нкылан.
Аҽыжәҵшьеиԥш, аҽыжәхшьагь ҳдыруеит!..
23 Ажьырныҳәа 2022, 20:10
Ажурнал абри аномер аҿы "Аиҭага ҿыцқәа" арубрика аҟны аԥхьаҩ иԥылоит адунеи зегьы еицырдыруа, иреиӷьу атеатрқәа зегьы рҿы иқәдыргылахьоу Александр Грибоедов ԥшь-қәгыларак змоу, иажәеинраалоу икомедиа "Зыхшыҩ зызрыцҳарахаз". Уи аԥсшәахь даара ҟазарыла иеиҭеигеит апоет Геннади Аламиа. Анҵәамҭа анылараны иҟоуп ажурнал сынтәатәи аҩбатәи аномер. Абраҟа иааҳгоит Чацкии Софиеи икьаҿӡоу рдиалог:
Чацки: О, Анцәа! Исыхәҭоума срыԥхьаӡарц
Сқьачақьны - саацәажәар, иччарц?
Аччархә дызбеит, ччараха исысуеит,
Сгәы аниқәҿыӷьлак, схырсысуеит.
Софиа: Узҿу уажәы схахьы дааиуам ҵаны,
Молчалин дыччархәны сыздыруам.
Шәеибадырыр иҵегь иааигәаны…
Сынтәа апоет Лиолиа Тәанԥҳа диижьҭеи 70 шықәса ҵит. Уи лырҿиара еиҳараӡакгьы ҳаԥхьаҩцәа ианеицгәарҭаз аибашьраан "Аиааира ашәа" захьӡу ажәеинраала анылҩы нахыс ауп. Аха автор уаҟагь даанымгылаӡеит, иаԥылҵеит иҵегь ԥсра зқәым ажәеинраалақәа. Лиолиа аԥсуа-қырҭуа еибашьра даара иӷәӷәаны илыцрасит, уаҟа хаҵарыла дҭахеит шәҩык аибашьцәа ирыԥсаз лашьазаҵә Аԥсны Афырхаҵа Завер Тәанба. Аха лара уи ахьаа лҽалымҭеит, даиааит, хаҵарыла еибашьуаз лыжәлар рхаҵара дазышәаҳәеит, рҿахәы лҳәеит. Иахьа абраҟа ишеибгоу иааҳгар ҳҭахуп, иахьауажәраанӡа автор лышәҟәқәа акгьы иагәыламшәацыз, акьыԥхь зымбац, ааигәа уи лаҳәшьа гәакьа апоет лархив дшалаз илыԥшааз, ажәеинраала "Идырым аҳаҭгәын."
19 Ажьырныҳәа 2022, 12:30
"Акритикеи", "Аҿар рыбжьи", "Нарҭаа рҳәамҭақәеи", "Алитературатә ҭынхеи" рыҟәшақәа рҿы иуԥылоит ашәҟәыҩҩцәа Валери Касланӡиеи, Виачеслав Бигәааи, Зураб Џьапуеи, Светлана Қәарсаиеи, иара убасгьы даара ҳзықәгәыӷуа аҿар Аинар Ҷыҭанааи , Ефрем Ҳагбеи, Хьыбла Хәарцкьиеи рырҿиамҭақәа.
Ажурнал "Алашара" актәи аномер иаарласны Аԥсны араионқәа зегьы рҿы инагахоит.