Аԥсны

Едуард Быҭәба ацхыраара лас аусзуҩцәа зегьы рыпрофессионалтә мшы рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ацхыраара лас аусзуҩцәа зегьы рыпрофессионалтә мшы рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа Telegram-канал аҟны.

"Шәара аус рацәаны ижәуеит, иарбан аамҭазаалакгьы шәазыхиоуп ҳуааԥсыра реиқәырхара. Лымкаала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳтәылазы имариамыз аамҭа - апандемиазы ишәылшәыршаз аус азы. Имариам шәус аҿы ишәыцыз аманшәалара. Ацхыраара лас аусзуҩцәа рымшныҳәа шәыдысныҳәалоит", - иҳәеит Быҭәба.

Агәабзиарахьчара аминистр даҭааит Аҟәа ацхыраара лас астанциа, хаҭала аколлектив ирыдиныҳәаларц. Ацхыраара лас астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа агәабзиарахьчара аминистрра иаанарԥшыз агәцаракразы иҭабуп иҳәеит. Иазгәеиҭеит иколлектив дшырзыгәдуу, аусзуҩцәа ауааԥсыра ацхыраара рыҭара еснагь ишазыхиоу.
Аԥсны апандемиа аамҭазы Аҟәатәи ацхыраара лас астанциа жәаа нызқь инарзынаԥшуа ацхырааразы иахьрыԥхьоз инеит ҳәа азгәаҭоуп аусбарҭа адырраҭараҿы.
Аԥсны
Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны ацхыраара лас аусура хацыркуп