Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны ацхыраара лас аусура хацыркуп

© Foto / Администрация города СухумПункт скорой медицинской помощи в Новом район
Пункт скорой медицинской помощи в Новом район - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Анапаҵаҩра
Аҿкчымазара иахҟьаны аҭагылазаашьа аныуадаҩха, Аҳабла ҿыц аҟны иҟаз ацхыраара лас аҭып адыркит.
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны ацхыраара лас аусура хацнаркит ашәахьа хәажәкыра 28 азы ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара аофициалтә портал.
Аҳҭнықалақь ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа иажәақәа рыла, зусура хацзыркыз амедицинатә гәыԥ рымаҵ руеит Аҳабла ҿыци аихамҩа авокзал азааигәареи инхо ауааԥсыра.
Аҳақьым дызҭаххо рзы аҭелқәа аус руеит 003 ( амобилтә), 03 (аҩнытә). Ацхыраара лас зҭаху рзы арҭ ателқәа аус руеит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони иахьрыҵанакуа.
Уаанӡа Аҟәа ақалақь ахадара ацхыраара лас ахыбра арҽеиратә усурақәа азуны апандемиа аамҭазы акоронавирус азы ПЦР-тестқәа ахьарҭо аҭыԥ алхны иҟарҵеит, аха ареспубликаҟны ачымазара маҷк ианҭышәантәала ацхыраара лас аусура хацнаркит.
Ажәабжьқәа зегьы
0