Аԥсны

Аибашьра аинвалидцәа рфонд аофис ҿыц ахь ииасит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи рфонд 10 шықәса инареиҳаны аус ауеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи рфонд аофис ҿыц аанартит мшаԥы 29 рзы.
Аибашьра аинвалидцәа рфонд аофис ҿыц ахь ииасит
Аиҿкаара уажәшьҭарнахыс Ажәанба 9 аҿы иҟоу аиҳабыратә хыбрақәа ахԥатәи ркорпус актәи аихагылаҿы аус аулоит. Уаанӡа аофис ахԥатәи аихагылаҿы иҟан, аха алифт аҟамзааразы аинвалидцәа ирцәыуадаҩын уахь ахалара. Убри азы Афонд анапхгара ирыӡбеит аҭааҩцәа ирзымариахарц азы актәи аихагылахь албаара.

"Ауаа зхаломызт, изылбаауамызт. Аминистрцәа ҳрацәажәеит. Алшара анҳау, ҳбиуџьет ала аофис аремонт ҟаҳҵеит", - иҳәеит Афонд анаԥхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.

Аофис ҿыц аремонт 7 миллионки 200 нызқь мааҭи ақәхарџьуп. Аус руеит 13-ҩык, даҽа 30-ҩык Аофис аԥснытәи афилиалқәа рҿы аус руеит.
"Мышкы ахы аҵыхәала 50-ҩык рҟынӡа ҳҭаауеит еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбаразы – хәшәыла реиқәыршәара, атәыла анҭыҵҟа аҽыхәышәтәраз ацара", - иҳәеит Ашәуа.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи рфонд 2011 шықәсазы иаԥҵан. Афонд ашықәстә биуџьет иартәоит 165 миллион мааҭ.
Аԥсны
Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа Аԥсны хәыда-ԥсада амедицинатә цхыраара роулоит