https://sputnik-abkhazia.info/20220429/aibashra-ainvalidtsa-rfond-aofis-yts-akh-iiasit-1038889635.html
Аибашьра аинвалидцәа рфонд аофис ҿыц ахь ииасит
Аибашьра аинвалидцәа рфонд аофис ҿыц ахь ииасит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи рфонд 10 шықәса инареиҳаны аус ауеит. 29.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-29T16:00+0300
2022-04-29T16:00+0300
2022-05-03T13:10+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1d/1038883978_0:122:1280:842_1920x0_80_0_0_ab3fcbe9605fcb731f05a1eb78848f5b.jpg
АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи рфонд аофис ҿыц аанартит мшаԥы 29 рзы.Аиҿкаара уажәшьҭарнахыс Ажәанба 9 аҿы иҟоу аиҳабыратә хыбрақәа ахԥатәи ркорпус актәи аихагылаҿы аус аулоит. Уаанӡа аофис ахԥатәи аихагылаҿы иҟан, аха алифт аҟамзааразы аинвалидцәа ирцәыуадаҩын уахь ахалара. Убри азы Афонд анапхгара ирыӡбеит аҭааҩцәа ирзымариахарц азы актәи аихагылахь албаара.Аофис ҿыц аремонт 7 миллионки 200 нызқь мааҭи ақәхарџьуп. Аус руеит 13-ҩык, даҽа 30-ҩык Аофис аԥснытәи афилиалқәа рҿы аус руеит."Мышкы ахы аҵыхәала 50-ҩык рҟынӡа ҳҭаауеит еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбаразы – хәшәыла реиқәыршәара, атәыла анҭыҵҟа аҽыхәышәтәраз ацара", - иҳәеит Ашәуа.1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи рфонд 2011 шықәсазы иаԥҵан. Афонд ашықәстә биуџьет иартәоит 165 миллион мааҭ.
https://sputnik-abkhazia.info/20220414/aakhy-uastyla-atylauaa-asny-khyda-sada-ameditsinat-tskhyraara-rouloit-1038653338.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1d/1038883978_0:2:1280:962_1920x0_80_0_0_1f05d3e38e18355901e259c42003321b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра
Аибашьра аинвалидцәа рфонд аофис ҿыц ахь ииасит
16:00 29.04.2022 (ирҿыцуп: 13:10 03.05.2022) Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи рфонд 10 шықәса инареиҳаны аус ауеит.
АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи рфонд аофис ҿыц аанартит мшаԥы 29 рзы.
Аиҿкаара уажәшьҭарнахыс Ажәанба 9 аҿы иҟоу аиҳабыратә хыбрақәа ахԥатәи ркорпус актәи аихагылаҿы аус аулоит. Уаанӡа аофис ахԥатәи аихагылаҿы иҟан, аха алифт аҟамзааразы аинвалидцәа ирцәыуадаҩын уахь ахалара. Убри азы Афонд анапхгара ирыӡбеит аҭааҩцәа ирзымариахарц азы актәи аихагылахь албаара.
"Ауаа зхаломызт, изылбаауамызт. Аминистрцәа ҳрацәажәеит. Алшара анҳау, ҳбиуџьет ала аофис аремонт ҟаҳҵеит", - иҳәеит Афонд анаԥхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.
Аофис ҿыц аремонт 7 миллионки 200 нызқь мааҭи ақәхарџьуп. Аус руеит 13-ҩык, даҽа 30-ҩык Аофис аԥснытәи афилиалқәа рҿы аус руеит.
"Мышкы ахы аҵыхәала 50-ҩык рҟынӡа ҳҭаауеит еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбаразы – хәшәыла реиқәыршәара, атәыла анҭыҵҟа аҽыхәышәтәраз ацара", - иҳәеит Ашәуа.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи рфонд 2011 шықәсазы иаԥҵан. Афонд ашықәстә биуџьет иартәоит 165 миллион мааҭ.