АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. Очамчыра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Тамшь ақыҭан иҟалаз ақәыларазы, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Ашьаусԥшаара-оперативтә усмҩаԥгатәқәа уажәазы еилнакааз заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥшьашаҽны, мшаԥымза 28 рзы, асааҭ 23:30 Тамшь ақыҭан 48 шықәса зхыҵуаз Вальтер Шаматаа даҽаӡәы дицны, идырым абџьар рыманы амаининг-хархәагақәа рӷьычразы Ҭенгиз Рацба иҩны иақәлеит, аҿагылара анроу ицәеижь ааха ӷәӷәа арҭо иалагеит.
Иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны изыцәнымхоз ахәрақәа роуит ақәылаҩ Шаматааи, иара убас Ҭенгиз Рацба иашьа гәакьа - Ҭамази.
Ахҭыс иалахәыз ахаҿқәа рышьақәыргыларазы ашьаусԥшаара-оперативтә усмҩаԥгатәқәа амҩаԥысра иаҿуп.
Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 3 ахәҭа 159, апунктқәа "ж", "з", ахәҭаҷ 2 ахәҭа 99, актәи ахәҭаҷ ахәҭа 217 заанаҵы еибыҳәаны ақәылареи закәаншьаҭада анхарҭа аҩналареи, ахаҿы рацәа рқәылареи абџьар ахархәарала ауаҩшьреи, иҭҟьо абџьар закәаншьаҭада аахәареи аныҟәгареи рыла ишьақәыргылам ахаҿқәа рганахьала ашьаус хацыркуп.