Аԥсны Апарламент иаднакылеит "Абџьар азы" азакәан

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПатрон 7Н31 с броневой пулей
Патрон 7Н31 с броневой пулей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Абџьар азы" актәи аԥхьарала ирыдкылан 2017 шықәса хәажәкыра 2 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. "Абџьар азы" азакәан Апарламент аҿы ирыдыркылеит аҵыхәтәантәи аԥхьарала.

Азакәан апроект рыдигалеит адепутат Илиа Гәниа. Иара иазгәеиҭеит азакәан анормақәа ишҳәаақәырҵо аҵәахра, аахәара, аҭира, аҭара, ашьҭрамдара  уҳәа рыԥҟарақәа. Адокумент аҿы иарбоуп аилкаара хадақәеи аҳәаақәҵара хадақәеи.

Аслан Кобахия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Кобахьиа "Абџьар азы" азакәан апроект азы

Азакәан абџьар ахархәарала еихнашоит аграждантә, амаҵзуратә, аибашьыгатә, абџьар хьшәашәа ҳәа.

Аграждантә хысгатә бџьар еишьҭаргыланы имхысуазароуп, 17 патрон иреиҳамзароуп агәыцә иҭоу. Убри аан Аԥсны атәылауаҩ, арратә мчрақәа дрезервистымзар, автомат, автоматикатә винтовка, апулимиот уҳәа аибашьыга напылахысгатә абџьар ихы архәара азин имам.

Амаҵзуратә ахь иаҵанакуеит атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчаразы азакәан аҭакԥхықәра зыднаҵо, амаҵзуратә бџьар аныҟәгареи аҵәахреи азин знаҭо аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аиурист хаҿқәеи рхы иадырхәо абџьар.

Аибашьыгатә напылахысгатәи абџьар хьшәашәеи рахь иаҵанакуеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура, аиҿкаара ҷыдақәа имҩаԥырго аоператив-маҵзуратә дҵақәа рынагӡаразы рхы иадырхәоит.

Аграждантә бџьар аахәара илшоит 18 шықәса зхыҵыз Аԥсны атәылауаҩ. Ишықәс наӡазаргьы атәылауаҩ аахәара азин имам:

  • Атапанчақәеи аревольверқәеи
  • Арҳәы знуи згәыцә шшәыруи абџьар
  • Абџьар хьшәашәа: амилаҭ маҭәа иаелементны иԥхьаӡоу аҟама, аҳәа, аҳәызба рыда.

Аԥсны атәылауаҩ 21 шықәса ихыҵхьазар иҟалоит иааихәарц  згәыцә дуу ихысуа абџьар ма ихысуа, еилаԥсоу абџьар.

Атапанчақәеи  аревольверқәеи раахәара азин рымоуп 27 шықәса зхыҵуа.

Ауралымша ма зылшара ԥку абџьар аахәара азин рымам.

Апроект инақәыршәаны азакәан амчра аиуеит 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны аха ииашахаҭахоит 2021 шықәса хәажәкыра 1 инаркны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0