АҞӘА, лаҵара 1– Sputnik. Аҟәа Абазақәа рымҩала 50 шьапы зыбӷьы ҟьаҟьоу амагнолиа ҵлақәа еиҭарҳаит ҳәа аанацҳауеит ақалақь аусбарҭа апресс-маҵзура.
Уаанӡа амҩа дырԥшӡон адаамыр ҵлақәа, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа раан ақалақьтә усбарҭақәа акәыршыҩцарҭақәа аныҵарҵоз дара ыҵырхыр акәхеит.
Аҟәа ақалақь ахадара Амуниципалтә аунитартә усбараҭа "Благоустройство" анџьныр хада Кама Кәҭелиаԥҳа лажәақәа рыла, дара амагнолиа ҵлақәа еиҭарҳаит Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы абжьгарала.
Абазақәа рымҩа аиҭашьақәаргыларатә усурақәа ирылагеит 2020 шықәсазы, Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган аӡымҩангагақәа, акәыршыҩцарҭақәа рыԥсахреи амҩа акатран ақәҵареи.