Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысит Аиааира Ду иазку апарад аҽазыҟаҵара хада

Аԥсни Урыстәылеи рыруаа рпарад мҩаԥысраны иҟоуп лаҵара 9 рзы Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысит 1941-1945 шықәса рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра иазку апарад аҽазыҟаҵара хада, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра асаит.
Гәырӷьаратә шьаҿеиқәшәарала амҩа ианысит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәуп 7-тәи арратә базеи Аҳәаахьчаратә маҵзуреи рыруаа, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа, АҶА, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура, Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа акурсантцәа, зынӡа 17 гәыԥ. Аҽазыҟаҵара даҭааит атәылахьчара аминистр аинрал-полковник Владимир Ануа.
1941-1945 шықәса рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра иазку апарад мҩаԥысраны иҟоуп лаҵара 9 рзы Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.
Аԥсны
Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит