Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Передача музею боевой славы Вечного огня
Передача музею боевой славы Вечного огня  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2022
Анапаҵаҩра
Акциа "Агәалашәара амца" аҳәаақәа ирҭагӡаны асабша лаҵара 7 рзы Москвантәи Аԥсныҟа иааргеит иҿымцәаауа амца аҟәырҷаха. Аиааира Ду амш аҽны Аԥсны араионқәа зегь рҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз афырхацәа рбаҟақәа рҿы инаганы иадыркуеит.
АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Кремль аҭыӡқәа рганаҿы иарку Иҿымцәаауа амца иаҿыгоу "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит.
Амца зҭоу алампада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи ахь иааганы ирырҭеит агәырӷьаратә усмҩаԥгатә еиҿкааны, шьаҿеиқәшәарала аҟарул инаганы иддыркит.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит - Sputnik Аҧсны
1/4

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит - Sputnik Аҧсны
2/4

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит - Sputnik Аҧсны
3/4

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит - Sputnik Аҧсны
4/4

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

1/4

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

2/4

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

3/4

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

4/4

Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

"Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи анапынҵа ҷыда амоуп - аброуп иахьалаго агәалашәара амца иазку акциа, арантәи ауп Аԥсны араионқәа рахь ҿыцәаара зқәым амца ахьдәықәло. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа ари амца ԥшьа рыблала ирбарц рылшоит, уи аиааира згази урҭ рабиԥарақәеи акыр жәашықәса раахыс ргәы арԥхоит", - лҳәеит Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа, амца анрырҭоз аусмҩаԥгатә аан.
Урыстәыла аусқәа реиҿкааразы аамҭала зыгәра гоу Максим Литвинов иазгәеиҭеит "Агәалашәара амца", Георги ицаха еиԥшҵәҟьа, аиааиреи аиааира згаз амилаҭқәа ракзаареи ирсимволуп.
"Агәалашәара амца символра рызнауеит аиааира згаз асовет еибашьцәеи атыл аџьабаа азызбази рфырхаҵара, иара убас миллионҩыла аибашьра иахәхаз ргәалашәара иазкуп. Иара убас уи аиҭаҿиара иасимволуп. Ҳара ҳтәыла, Феникс аҵыс иаҩызаны аибашьра амцашыра иалҵны, ахәрақәа рӷьаны, ашәҭыкакаҷра амҩа иануп. Уи адагьы, ари амца символра азнауеит афашизм адунеи аныӡааразы ақәԥара", - иҳәеит Литвинов.
Агәырӷьаратә усмҩаԥгатә ашьҭахь агәалашәара амца аҟәырҷахақәа зҭоу алампадақәа быжьба Аԥсны араионқәа рахь идәықәырҵеит. Лаҵара 9 рзы, Аиааира Ду амш аҽны, Аԥсны араионқәа зегь рҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз афырхацәа рбаҟақәа рҿы инаганы иадыркуеит.
Акциа "Агәалашәара амца" Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит. Уи еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Аурыс ҩни Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа.
Вечный огонь. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2022
Аԥсны
Акциа "Агәалашәара амца" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит лаҵара 9 азы
Ажәабжьқәа зегьы
0