Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Адгьылбжьаха Змеиныи ампыҵахалараз аҽазышәарақәа раан украинатәи ар ацәыӡқәа аиуит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Украинатәи ар аҵыхәтәантәи хымш рыҩнуҵаҟа адгьылбжьаха Змеиныи ампыҵахалараз аҽазышәарақәа раан ирыцәҭахеит 50-ҩык инреиҳаны аррамаҵурауаа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 30, авертолиотқәа 10, ԥшь-ҳаирпланк. Абри атәы ааицҳаит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира амшныҳәа аламҭалаз киевтәи арежим ирыдыркылаз адгьылбжьаха ампыҵахалараз аҽазышәарақәа, илыҵшәадахаз "акциа- аӡырга" ҳәа ахиҳәааит иара.

"Имҩаԥгаз авантиура Украиназ хлымӡаахла ихыркәшахеит. Аиааира Ду амшныҳәа аламҭалаз Киевтәи арежим хәыцрада ахымҩаԥгашьа адгьылбжьаха Змеиныи ампыҵахалараз аҽазышәарақәа раан иҭархан 50-ҩык инреиҳаны украинатәи аруааи, ԥшь-ҳаирпланки, авертолиотқәа 10, акатерқәа 3, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 30", - ҳәа иҳәеит Конашенков.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 9 ҭырқәтәылатәи "Баирактар-ТБ2" шракәу. Украина Атәылахьчара аминистрра иацәыӡит - абомбакажьгақәа Су-24 хԥа, аҳаирпланшәарыца Су-27 акы.
"Киев имҩаԥнагаз илыҵшәадахаз адгьылбжьаха Змеиныи ампыҵахалара ашьҭахь, адгьылбжьахаҿы иаанхеит 24-ҩык рыԥсыбаҩқәа", - ҳәа иҳәеит Конашенков.