Аԥсны

Ахада ихаҭыԥуаҩ аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа аус рыдиулоит

Аԥсуа-аурыс ҳәаа есыҽны иахысуеит 10 000 автомашьынеи 55 000-ҩык ауааԥсыреи. Убри аан иара иоунашьҭыр алшоит 1,5 нызқь транспорт хархәагеи 28 000-ҩыки заҵәык. Абри иахҟьаны аҳәаа ахысра аамҭа рацәаны иагоит, аиҳаракгьы аԥхын.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟоу аусутә гәыԥ анапы ианиҵеит аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа аус адыруларц ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.
Ахаша Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариаразы ауснагӡатәқәа аус рыдуыларазы. Сынтәатәи аԥхынразы Аԥсны аԥсшьаҩцәа хыԥхьаӡара рацәала ирзыԥшуп.

"Сынтәатәи акурорттә сезон 2021 шықәсатәи акыр иаԥнагоит. Абри инадҳәаланы аҳәаа ахысра излалшо ала ирмариатәуп, аиҳаракгьы АҬ "Адлер" аҿы", - иҳәеит ахада аилацәажәараҿы.

Аҳәаа ахысра армариара азҵаара Бжьаниа Москва иҟазаараан изныкымкәа иалацәажәеит.
Урыстәылатәи аган иазԥхьагәанаҭоит АҬ "Адлер" алшара ырҭбаауа ареконструкциа азура. Аргылара-мрнтаж усурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп 2025 шықәсазы.
Аԥсны
Аурыс-аԥсуа ҳәаа аҟны автомашьынатә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" еиҭашьақәдыргылоит