АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Ҟрым иаадыртит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан адгьылбжьаха ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз аԥснытәи асолдаҭцәа рбаҟа ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.
Аныҳәа ҟазшьа змаз аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥснытәи аделегациа: Акультура аминистр Даур Ақаҩба, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа Олег Аршбеи Илиа Гамсаниеи, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа.
Ҟрым иаадыртит адгьылбжьаха ахақәиҭра зхы ақәызҵаз аԥснытәи асолдаҭцәа рбаҟа
© Foto / Министерство культуры Абхазии
Амонумент Ҟрымтәи амемориалтә комплекс иахәҭакуп, агранит иалхуп. Ақьашана авторцәас иамоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Руслан Габлиеи Амиран Адлеибеи.
Абаҟа аԥсышәалеи урысшәалеи аҩыра ануп: "Хашҭра рықәымзааит Ҟрым ахьчараан фырхаҵарыла иҭахаз Аԥснытәи аҵеицәа гәымшәақәа. 1941-1944".