Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габлиа аибашьра Ду аан Ҟрым иҭахаз ргәалашәара анаунагӡатәра атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габлиа аибашьра Ду аан Ҟрым иҭахаз ргәалашәара анаунагӡатәра атәы
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Ҟрым иҭахаз Аԥсны аҵеицәа ргәалашәара анаунагӡатәразы иазгәаҭоу ауснагӡатә атәы.
Асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиеи аскульптор Амиран Адлеибеи аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан изеиҭарҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахь Аԥснынтәи инаԥхьаз, Ҟрым иҭахаз ргәалашәара анаунагӡатәразы абаҟа аргыларазы аусурақәа шцо.
"…Аԥснынтәи иҟаз аполк Ҟрым адгьылбжьаха ахьчаразы игылан иаҳа амца анакыз 1941 шықәса ԥхынҷкәын анҵәамҭазы. Дара рыдагьы ирацәаҩын уи ахьчара иалахәыз. Аҭагылазаашьа убас иҟалеит уи аҭыԥ аҟны ирацәаҩны иҭахеит, алемсаа раԥхьатәи амзақәа рзы нкылашьа рымамызт. Ампыҵахалаҩ уи аҭыԥ анига, ишьаҟьеит, ақьаад быӷьшәы ҳәа сиак нымхеит иахьынӡаздыруа. Керчи Симферополи рыбжьара ампыҵахалаҩ еиҿикааит ауаа ахьдыргәаҟәаз алагер "Краснаиа" ахьӡын, убра аџьамыӷәа цәгьа рыхьӡеит ирацәаҩны. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уа амузеи еиҿыркааит. Ҳаргьы Амиран Адлеибеи сареи уи ҳбеит. Ҳахәаԥшит абаҟа дыргылар ахьырҭаху аҭыԥ. Ҳара ҳнеиаанӡа уа Ерамнтәылантәигьы идыргылахьеит, ақырҭцәагьы ак дыргылеит, Нхыҵ Кавказынтә Даӷьысҭанаа, Чечентәылантә, Ҟабардантә иҭахаз рыӡбахә зҳәо ақьашанақәа (обелискқәа) ргыланы иҟоуп. Убарҭ ирыламҩашьо, ҳара хаз ҳәынҭқарраны ҳаҟоуп, убригьы аныԥшо иҟалар ҳҭахуп. Уа иҭахаз идыру маҷӡоуп. Ҳара ажәлақәа анаҳҵаӡом, ианаҳҵо Аԥснынтә Ҟрым хамеигӡарала зхы ақәызҵаз 1941-1943, иара Ҟрым андыргежьуаз 1944 шықәсазы иҭахаз ртәы зҳәо ақьашана ҳаргыларц ауп. Аҟәа ҳаҷкәынцәа анышә иахьамадоу рбаҟа злыху ахаҳә агранит ауп излыххо уигьы. Миллион мааҭк инацны иахҭынҵахоит ахаҳә, метраки 80 сантиметри рҟынӡа агылара аманы, иаарылҳәҳәо, уа иҟоу ирышьашәаланы иҟалоит. Ҟрымгьы ара ҳаиҳабырагьы иргәаԥханы ирыдыркылеит. Ахаҳәқәа зегьы ҟаҵоуп, уа ишьҭоуп. Ԥхаррак шыҟалалак, ҳгәы иҭоуп убарҭ ахаҳәқәа зегьы еибаркны рыҟаҵара. Хазы Ростов иҿаҳҵеит аџьаз иалху аплита, уи аҩыреи аԥсуа бираҟи асахьа ануп. Аартра ҟалоит Аиааира ду амш иақәыршәаны лаҵара 9 рзы", - иҳәеит Габлиа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0