Аԥсны

Аԥсны аиҳабыреи ауаажәларреи Владислав Арӡынба иҳаҭгәын иаҭааны дыргәаладыршәеит

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба лаҵара 14 рзы 77 шықәса рзы 77 шықәса ихыҵуазаарын.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ашәҭқәа шьҭеиҵеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Алада Ешыра анышә дахьамадоу аҳаҭгәын аҿы, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.
Аԥсны раԥхьатәи ахада, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Аԥсны Афырхаҵа лаҵара 14 рзы иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы ихыҵуазаарын 77 шықәса.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иара убас иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аусқәа Аамҭала знапы иану Максим Литвинов, Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Сергеи Шамба, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.
Аԥсны
Абираҟ иаҩызаз ҳԥыза: Владислав Арӡынба диижьҭеи 77 шықәса ҵит
Владислав Арӡынба ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых, иара иоуп иахьатәи ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарра шьақәзырӷәӷәаз. Адунеи аҟны еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор иаҳа ианыуадаҩӡаз аамҭақәа рзы иҭҵаарадырра ааныжьны ижәлар раԥхьа дгылеит, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзааигеит.
Арӡынба Аԥсны ахадас далырхит абҵара 26 1994 шықәса рзы, хәышықәса рышьҭахь жәлары зегьы рыбжьиҭараан даҽа ҿҳәарак ҳәа деиҭалхын.
Владислава Арӡынба иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 4 2010 шықәса рзы, 65 шықәса дшырҭагылаз.
Аԥсны
Раԥхьатәи ахада: амилаҭ рԥыза Владислав Арӡынба