Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абираҟ иаҩызаз ҳԥыза: Владислав Арӡынба диижьҭеи 77 шықәса ҵит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПредседатель ВС Абхазии В.Ардзинба
Председатель ВС Абхазии В.Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Раԥхьатәи ахада, ажәлар раԥхьагылаҩ Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы иахьа ихыҵуазаарын 77 шықәса.
Владислав Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәса рзы Ешыра ақыҭан аҭоурых арҵаҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Григори Арӡынбеи ашкол аусмҩаԥгаҩ Надежда Иазычԥҳаи рҭаацәараҿы.
1962–1966 шш. рзы Владислав Арӡынба аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет аҿы. Араҟа қәҿиарала иҵара анхиркәша, дҭалоит СССР аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны иҟоу аспирантура. Ҭҵаарадырратә напхгаҩыс диман еицырдыруа аҵарауаҩ Виачеслав Иванов.
1971 шықәсазы ихьчоит акандидаттә диссертациа. Уи "Ажәытәӡатәи ахеттцәа рыуаажәларра-социалтә еиҿкаара ахыҵхырҭақәа" ҳәа темас иаман.
1985 шықәсазы ихьчоит адоктортә диссертациа, уи иахьӡын "Ажәытәӡатәи Анатолиа аритуалқәеи амифқәеи". В. Г. Арӡынба акыр шықәса аус иуан Мрагылараҭҵаара аинститут Ажәытәӡатәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рыҟәша аиҳабыс. Авторс дрымоуп 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахеттцәа рдипломатиеи, рдинхаҵареи, рҟазареи ирызку аҭҵаамҭақәагьы. В. Г. Арӡынба инапы рылакын иара убас Аԥсны аҭоурых, аԥсуа бызшәа, афольклор уҳәа рыҭҵаарадырратә проблемақәа.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба
1988 шықәсазы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (иахьатәи Аԥсуаҭҵааратә институт - азгә.) аиҳабы аҵарауаҩ ду Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, иара ааԥхьара ирҭеит уи дахагыларц. Усҟан Аԥсны ишьақәгыланы иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа, аҵарауаа рнапы ианыз аус ду - Қырҭтәыла зеицакра иаҿыз ҳҭоурых адаҟьақәа рыриашара аус аҵагыларазы иара игәаӷьны, иҩызцәа ражәа ҩбамтәкәа, Москва иусура ааныжьны Аԥсныҟа дхынҳәуеит, дагьахагылоит аԥсуа жәлар рзы аҵак дуӡӡа змаз аинститут. Уи напхгара азиуан 1996 шықәса рҟынӡа.
Аинститут ахагыларазы Аԥсныҟа даныхынҳә инаркноуп иара аполитика ду ахь данцәырҵ. Иуадаҩӡаз аамҭазыҳәаны, аԥсуа жәлар ҳазҭагылаз арыцҳара ҳалигарц Анцәа Ду даҳзылбааишьҭуеит ҳԥыза, ҳфырхаҵа Владислав Арӡынба. Усҟан аԥсуа-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа аибарххарахь икылсуан. 1988 шықәса рзы иаԥҵан Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара". Уи аԥхьагылацәа ҵәатәы шьаҟаны даарывагылеит Владислав Арӡынба.
Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2020
Ажәа иҭара иацәшәон: Владислав Арӡынба Аԥсны аҭоурых жәаха минуҭ ишҭеигӡаз
1989-1991 шықәсқәа рзы иара СССР жәлар рдепутатс дыҟан Аԥснытәи АССР ахьӡала. Жәлар рдепутатцәа Актәи реизара ду аан Владислав Арӡынба аԥсуааи иааидкыланы СССР иалоу ажәлар маҷқәеи рҿахәы ҳәо раԥхьаӡа акәны ари аҩыза атрибуна ду аҟынтәи дықәгылеит.
1990 шықәса рзы иара далырхит Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Ҳтәыла анапхгаҩ ҿыц Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны ашьақәырӷәӷәаразы аусура ҩ-напыкла иалагеит. Владислав Арӡынба илиршеит ҳажәлар рыԥсҭазаараҿы аҵак дуӡӡа змоу аусқәа рымҩаԥгара. Аизарақәа рыҟны дықәгыланы аԥсуа депутатцәа рҿахәы иҳәахьан. Ажәлар рзин, аԥсуаа рытрагедиа, ақырҭқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыхра рыҽшазыршәо атәы адунеи ахы-аҵыхәа иаҳарц дазықәԥон. Уи иҳәаратәы бӷас имаз, ивагылоз, зыгәра игоз ижәлар ракәын.
Владислав Григорьевич Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2020
Избанзар ажәлар игәра ргон: Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс дшалырхыз
Иара убри ашықәсан, нанҳәа 25 рзы Аԥсны исуверентәу ҳәынҭқарраны ишьақәзырӷәӷәоз адекларациа рыдыркылеит. Аха уи Қырҭтәыла амч амам ҳәа азыҳәаны иаԥырхит. Аха Арӡынба уа даанымгылеит. Ԥхынгәы 23 1992 шықәса рзы Аԥснытәи АССР 1978 шықәсазы ирыдкылаз Аконституциа аусура аанкыланы 1925 шықәсазтәи ССР Аԥсны Аконституциа ахь ииасит. Уи иаанагон Аидгылатә Республика аҳасабала СССР иалоуп ҳәа. Ирыдыркылеит Аԥсны Абираҟ, Агерб, Агимн. Абарҭ ашьаҿақәа рышьҭахь нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла еибашьрала Аԥсны иақәлеит.
Аибашьра актәи амш инаркны Владислав Арӡынба игәы меиҭаԥакәа ижәлар раԥхьа днагылеит аӷа хәымга иалцаразы. Даргьы игәра ганы иҟаиҵаз ааԥхьара иацныҟәеит, аӡәк еиԥш иҩагылеит рыԥсадгьыл ахьчаразы. 1992-1993 шықәсқәа раан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы Владислав Арӡынба Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хадас дыҟан, напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак. Аибашьцәа дрывагылан, ргәы каҳар иуамызт, дрылабжьон, амҩа иқәиҵон, ианаҭахызгьы аџьбарара ааирԥшуан.

413 мши ҵхи ицоз ашьаарҵәыратә еибашьра иалаӡит шәҩыла аԥсуа ҵеицәа, Нхыҵ-Кавказынтәи иааз ҳашьцәа. Иара зегьы дрыхӡыӡаауан, иҭахоз зегьы дрыцҭахон, аҭаацәа ргәырҩа рыцеиҩишон, ихатә хьаа еиԥш идикылон, аха дгылан баагәараҵас дыӷәӷәаӡа, иаԥхьа ишьҭаз аус дуқәа дрызхәыцуан уахгьы-ҽынгьы. Илшеит аԥыза Аиааира ҳала арбара, уи ивагылан игәра згоз аԥсуа еибашьцәа. Цәыббра 30 1993 шықәса - Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира ргеит ҳаԥсуа жәлар бираҟҵас ирхагылаз Владислав Арӡынба раԥхьа днаргыланы.

Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа даараӡа иуадаҩын, Аԥсны аекономика шьҭыхлатәын, ажәлар арыцҳара аҵыхәтәанынӡа иалгатәын.
Аибашьраан зыгәра ргоз Владислав Арӡынба аҭынч ԥсҭазаараҿгьы рыгәрагара даԥсахеит. Иара Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас далырхит абҵара 26, 1994 шықәсазы. Иара убри аҽынгьы ишьақәдырӷәӷәеит ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы ажәлар зегьы рыбжьыҭирала ҩынтәны деиҭалырхит. Аԥсны дахагылан 2004 шықәса рҟынӡа.
Владислав Арӡынба иаԥшьгарала иҭыжьхеит Аԥсны аҭоурых азы аусумҭа хатәрақәа, арҵагақәа, аԥсуа хсаалақәа. Ишьақәыргылахеит аԥсуа топонимиеи агидронимиеи. Аҳәынҭқарратә статус аиуит аԥсуа бызшәа, иаартхеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы. Аҳәынҭқарратә дгылара роуит аԥсуа культура, амилаҭтә кьыԥхь, ателехәаԥшра, арадио.
Ҳажәлар адунеи аҟны иҟанаҵ, аиашеи аҵабырги ыҟанаҵ ихьӡ кашәара ақәӡам 20-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы ҿыцла Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭа зкыз, аԥсуа жәлар фырхацәоуп ҳәа адунеи зегьы ирҳәартә иҟазҵаз Владислав Арӡынба.
Аламиа Владислав Арӡынба изы: иҭахаз, аха зылашара ауаа рҟынӡа инаӡо аеҵәа даҩызоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Арадио
Аламиа Владислав Арӡынба изы: иҭахаз, аха зылашара ауаа рҟынӡа инаӡо аеҵәа даҩызоуп
Ажәлар рыгәрагаҩы, зышьҭа ӷәӷәала аԥсуа ҭоурых ианызҵаз, зыжәлар рзы зхы, згәабзиара иамеигӡаз Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит Москва 2010 хәажәкыра 4 рзыҳәаны, 65 шықәса дшырҭагылаз. Усҟан аԥсуа жәлар зегьы еицҵәыуон, аԥсабарагьы рыцҵәыуон, адгьыл џьабон, зықьҩыла Аԥсны ауааԥсыра рԥыза иԥсыбаҩ аԥыларазыҳәаны еизеит. Дҳацәцеит наӡаӡа уи аҽны зқьышықәсала знык ииуа аԥыза. Дҳацәцеит Владислав, аха уи ихьӡ, игәалашәара, илшамҭақәа иахьатәи абиԥарақәеи ԥхьаҟа игылараны иҟоугьы ашәышықәсақәа иргәылганы иргалоит.
Владислав Арӡынба еицырдыруа ҵарауаҩын, профессорын, Аԥс­ны аҭ­ҵаарадыррақәа ракадемиа дакадемикын (1997), Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа далахәылан. Ианашьан В. И. Вернадски ихьӡ зху апремиа. Хәы змаӡам иџьабаақәа ҳаҭыр рықәҵаны, Владислав Арӡынба ихҵан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" актәи аҩаӡара (2002).
Встреча Владислава Ардзинба с Шеворнадзе - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2020
Ҳҵарауаа дуқәа Владислав Арӡынба изы: иара иакәымзар, ԥсыуак дшыҟамлоз жәдыруазааит
Ажәабжьқәа зегьы
0