Аԥсны

Аҟәа Гәлиа имҩа ахәҭак адыркуеит ашәахьа лаҵара 16 рзы

Аҟәа агәаҿы иҟоу амҩақәа хԥа рремонт иалоуп ақәаршыҩцарҭақәа рыԥсахра, ацәхыԥқәа рышьақәыргылара, акаҭран ақәҵара.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik. Аҟәа Гәлиа имҩа ахәҭак адыркуеит ашәахьа лаҵара 16 рзы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.

Гәлиа имҩаҿы Ҩардан имҩа инаркны Чачба имҩаҟынӡа акаҭран ҿыц ахьышьҭарҵо инамаданы ари амҩахәҭа адыркуеит.

Ари аҭыԥ иахьаҵанакуа аџьармыкьа ахәҭаҿы ахәаахәҭра аанкылахоит.
Аҟәа амҩадуқәа хԥа - Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа - реиҭашьақәыргылара иалагеит 2020 шықәса рзы, аха асфальти абетони реиларҭәа ахаҭабзиара ахьыбааԥсыз иахҟьаны акаҭран ҿыц ақәҵара рықәшәеит. Арҭ амҩақәа хԥа рремонт иалоуп ақәаршыҩцарҭақәа рыԥсахра, ацәхыԥқәа рышьақәыргылара, акаҭран ақәҵара.