Аԥсны

Ианаамҭоу аԥсы аԥшәмахара: ахагәахшәара ухазыршҭуа аспектакль "Аԥшьбатәи аҟәардә"

Ҳазҭоу амзазы Аԥсуа драматә театр ицәырнагаз апремиера - аспектакль "Аԥшьбатәи аҟәардә" ахҳәаа алҭоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik
Атеатрқәа зызхьаԥшуа апиесақәа, мамзаргьы егьырҭ алитературатә рҿиамҭақәа ринсценировкақәа зегьы актуалра змоу роуп еиҳаракгьы. Ус иҟамлар, атеатр ауаҩы даднаԥхьалом, избанзар ауаҩы атеатр аҿы дызнеиуа игәы иҵхо азҵаатәқәа аазырԥшуа асахьақәа ибарцазоуп.
Мышқәак раԥхьа С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр иҳаднагалеит апремиера ҿыц "Аԥшьбатәи аҟәардә". Ари апиеса еицдырҿиеит италиатәи ашәҟәыҩҩы, адраматург Тонино Гуерреи афранцыз журналист Лиусиль Лакси, уи иаҳцәыхароу аҳәаанырцәтәи асценақәа реиԥш, урыстәылатәи атеатрқәагьы акырынтә иазхьаԥшхьеит, иаҳҳәар ауеит "Аԥшьбатәи аҟәардә" уажәшьҭа иклассикатә ԥҵамҭоуп ҳәа.
Апремиера ашьҭахь, акыр сазхәыцуан ауаҩы аԥсҭазаара агәахшәара зызиоуа, избан зны-зынла аспектакль аҿы ишыҟаз еиԥш аҽшьра иазхәыцуа иԥсы аӡәгьы дзаԥшәмамхо?!
Иахьа аҩны сахьындәылҵыз исаҳаит ԥҳәыск лҽылшьит ҳәа, ас иҟоу ажәабжь бааԥсқәа акырынтә иҳалаҩҩхьеит. Аҽшьра апсихологиатә аспект змоу хьаауп, уи аиааира злымшо хатәгәаԥхарала аԥсҭазаара иаԥырҵуеит. Аспектакль "Аԥшьбатәи аҟәардә" зызкугьы ахагәахшәареи адунеи ааныжьра аҽазышәареи роуп.
Арадио
Сабуа ақәыргыламҭа "Аԥшьбатәи аҟәардә" азы: еиҳарак аҿар ирзырхоуп
Апиеса ықәиргылеит актиор Роман Сабуа. Хымԥада, апиеса зыҩуаз реиԥш, ақәыргылаҩгьы хыхь ҳазлацәажәо азҵаатәқәа дрызхәыцуан, уи ауп асценатә ԥсҭазаара аиҭарц игәы изҭеикызгьы. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, исҳәарц сҭахуп Сабуа зеиӷьыҟам актиорны дызлаҟаз ала, ишилшаз актиорцәа рдует аидкылара, ауаҩытәыҩса иԥсы ианаамҭоу аԥшәмахара аарԥшразы. Ақәыргылаҩ Сабуа актиортә ҟазара амаӡақәа бзианы излеидыруаз ала, илшеит сҳәар ауеит аиталиан мотив аԥсуа ԥсы ахаҵара, насгьы арольқәа ииашаны реихшара.
Ҩыџьа заҵәык злахәу "Аԥшьбатәи аҟәардә" аҿы ихәмаруеит Хьыбла Мықәԥҳаи (Луиза) Саид Лазбеи (Емилио). Сабуа испектакль "Аԥшьбатәи аҟәардә" астили иснаҭаз агәалаҟареи ртәы сҳәозар – ахагәахшәара уаҟәызблаауа рҿиамҭоуп. Актиорцәа Мықәԥҳаи Лазбеи ирыхәмаруа атема уадаҩзаргьы, дара иалырхит иласу, аԥсуа ԥсабара ианаало адинамика. Иазгәазҭахьоу рацәаҩуп аиталиан мотивқәа ҳара цәаҩала ишаҳнаало, аԥсуа темперамент акыр ишашьашәалоу, убри аҟынтә, асоциалтә ҳақәа рыбзоурала сызхәаԥшхьоу Урыстәыла иқәдыргылахьоу аспектакльқәа рцыԥҵәахақәа ирыҿсырԥшуазар – Сабуа испектакль аемоциақәа ҳәа изышьҭоу еиҳа ирҵарны, аха имыруадаҩкәа имариам атема ахьаарԥшу спектакльуп ҳәа. Ҩыџьа актиорцәа заҵәык инарыгӡо аспектакль аҿы иҟам аԥсеивгарҭа, араҟа Мықәԥҳаи Лазбеи еиԥмырҟьаӡакәа асценаҿы аус руеит, убри аҟынтә ақәыргылаҩ ииашаны иалихит сҳәар ауеит асценатә ԥсҭазаара ахарҭәаара зылшоз актиорцәа.
1 / 2

Аԥсуа драматә театр аҿы аспектакль "Аԥшьбатәи аҟәардә"

2 / 2

Аспектакль аҿы ихәмаруан ҩыџьа актиорцәа - Саид Лазбеи (Емилио) Хьыбла Мықәԥҳаи (Луиза)

Асиужет аиҭаҳәара аҭахны избом, аха иаазыркьаҿны исҳәозар, аҽшьра згәы иҭакны измоу, ашаха зыхәда иахазҵахьоу Емилио иуадаҿ игоит аҵәҵәабжьы. Даацәырҵуеит лара, аӡыргаратә агент, аӡәӡәага маҭәарқәа ауаа ирыдызгало Луиза. Актриса лыхәмарра убриаҟара иԥсабаратәуп, аԥсҭазаараҿы абри азанааҭ лхаҭа лнапы алакызшәа. Актриса Хьыбла Мықәԥҳа уажәааигәоуп Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс Сариа илызку аспектакль аҿы данаҳбоз. Уаҟа лара адраматә ҟазшьа змаз аҭоурых аиҭаҳәара иазкыз хаҿын. "Аԥшьбатәи аҟәардә" аҿы акәзар, Мықәԥҳа уаҩы иаалџьишьаратәы жанрла иласу, аха иҵаулоу ахаҿсахьа ҳадылгалоит зынӡа иуадаҩым аформақәа рыла.
Сааҭк инацны ицоз аспектакль аҿы актриса ааҭгыларада иналыгӡон аекстравагантә ҟазшьа змаз, иуҭахымзаргьы лара иӡырылгоз амаҭәарқәа ааухәаратәы иныҟәоз Луиза лхаҿсахьа. Лазба Саид иакәзар, даҽа ритмк ныҟәигон, исҳәар ауеит даҽа ԥштәык змаз, ахагәахшәара ишьҭнаԥааны иамаз уаҩын ҳәа . Актиор қәыԥш даара исифаҭу аҭеиҭԥш имоуп, адрама аҟазшьа иԥсабара ишалоугьы убоит.
1 / 2

Саид Лазба (Емилио)

2 / 2

Саид Лазба (Емилио)

Аспектакль алирикатә фарс ҳәа азырҳәозаргьы, иааидкыланы ауаҩы ҩнуҵҟала иныҟәиго ахьанҭара аанарԥшуеит. Хымԥада, ақәыргыламҭа адәахьтәи аҟазшьақәа рыла икомедиоуп уҳәаргьы ауеит, еиҳаракгьы Мықәԥҳа иалылхыз апластикатә елементқәа ҳарзааҭгылозар. Иубоит актриса амузыкеи аритми лыԥсабара ишалоу. Уи адагьы, Мықәԥҳа лхы иалырхәо ашәыгақәа зегьы, агеометриатә схемақәа реиԥш, ашәагазага иҭагӡаны иҟаҵоуп - лынеиааишьа, лнапҟьашьа уҳәа зегь абырҵкал икылхуп, уаалеилаҳаратәы.
1 / 2

Хьыбла Мықәԥҳа (Луиза)

2 / 2

Хьыбла Мықәԥҳа (Луиза), Саид Лазба (Емилио)

Апсихологцәа аӡәырҩы ишазгәарҭо ала, аҽшьра адунеи иқәынхо ауаа зегь азхәыцуеит, аха иҟоуп урҭ рахьтә зхы иаиааиуа, иҟоуп даҽаӡәы зыԥсы даԥшәмахо, аҽшьра дахзырԥо, иара убас уи иазымаиааиуа. Тонино Гуерреи Лиусиль Лакси рҩымҭа, иара Роман Сабуа иқәыргыламҭеи рҿы, иаарԥшуп ауаҩы аҽшьра иахырԥараҿы даҽаӡәы дыԥсҿыхганы дшыҟоу, насгьы абзиабара ишалшо аԥсҭазаара агәазыбылра архынҳәра. Саид Лазба инаигӡо ахаҿсахьа иаанарԥшуеит аҽшьра иазхәыцуа ауаҩы еснагь проблема дук иманы дшыҟам, аха ҩнуҵала зыԥсабара ҟәымшәышәу, аԥсҭазаара аҟыбаӡыба иднагало аԥсҭазаара анышәара зцәыуадаҩу шиакәу.
Апиеса ахықәкы хадақәа ируакуп сгәахәуеит – уззымиааиуа уадаҩра шыҟам, аҽшьра азхәыцра ауаҩы ихшыҩ аҿы аҭыԥ азалхра ишаԥсам.
Аспектакль иахәаԥшуаз атуристцәа иреиуаз ԥҳәыск исалҳәеит лара бжеиҳан ллымҳа иҭаҩуаз аиҭага адагьы, актиорцәа рыхәмарра алагьы ишеилылкаауаз асценаҿ имҩаԥысуаз ахҭысқәа. Ари зеиӷьыҟам қәҿиароуп анагӡаҩцәа рзы. Ишырҳәо еиԥш – атеатр иаанаго асценаҿы арҿиара амҩаԥысроуп.
Аԥсуа хәаԥшҩы иабжьызгоит аспектакль "Аԥшьбатәи аҟәардә" даҭаарц, уаҟа иара изыԥшуп аԥсҭазааратә уадаҩрақәа ихазыршҭуа актиортә дует бзиа инарыгӡо аспектакль. Азеиӷьашьарақәа ртәы сҳәозар, даараӡа исҭахын ихәмаруа ражәаҳәа иахылҵуа ашьҭыбжьқәа зегьы апартер аҿы итәоу инадыркны, аҩбатәи, ахԥатәи аиарусқәа рҟынӡа ԥықәсларада инаӡаларц.
Аԥсуа театр азы ас еиԥш иҟоу аспектакльқәа хра рылоуп, ҳазҭагылоу аекономикатә уадаҩрақәа ҳрыԥшны иаҳҳәозар. Аспектакль асахьаҭыхҩы Гарри Дочиа зынӡагьы имыруадаҩӡеит асценографиа. Хәҭакахьала, ас иҟоу аусумҭақәа акыр иманшәалоуп Аԥсны ахи аҵыхәеи иара анҭыҵи гастроль ҳасабла ргаразы.
Аԥсны
"Аԥсҭазаара азыхынҳәра": Аԥсуа театр аспектакль ҿыц "Аԥшьбатәи аҟәардә" аԥхьарбара