Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсҭазаара азыхынҳәра": Аԥсуа театр аспектакль ҿыц "Аԥшьбатәи аҟәардә" аԥхьарбара

© Sputnik / Томас Тхайцук Спектакль в драмтеатре "Четыре стула"
Спектакль в драмтеатре  Четыре стула - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2022
Анапаҵаҩра
Италиатәи ашәҟәыҩҩы, адраматург Тонино Гуерреи афранцыз журналист Лиусиль Лакси рыпиесала аспектакль "Аԥшьбатәи аҟәардә" Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр иқәнаргылеит.
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Лаҵарамза 10 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны ахәаԥшцәа раԥхьаӡакәны идырбан аспектакль ҿыц "Аԥшьбатәи аҟәардә".
Уи шьаҭас иаиуит Италиатәи ашәҟәыҩҩы, адраматург Тонино Гуерреи афранцыз журналист Лиусиль Лакси еицырҩыз уи ахьӡ захьӡу рыпиеса.
Здунеихәаԥшышьа еиҿагыло аԥҳәыси ахаҵеи реизыҟазаашьа иазку, аемоциеи адинамикеи зцу алирикатә фарс ажанр ала ишьақәгылоу аспектакль, иаанарԥшуеит иаалырҟьаны аԥсҭазаара ақәлара згәы ахшәаз, здунеи ҵакыдахаз ауаҩы икәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа. Ауадаҩрақәа риааиразыҳәаны уи ауаҩ иҽкнеиҳарц игәы иҭеикит, аха игәҭакы анагӡара дахьызмыгӡаз асаси уи лааира иԥсҭазаара шьаҭанкыла ишеиҭанакызи иазкуп аспектакль.
Ихадоу арольқәа нарыгӡон аԥсуа театр актиорцәа Саид Лазбеи Хьыбла Мықәԥҳаи.
Асижует инақәыршәаны, асценахь дцәырҵуеит арԥыс, уи ихымҩаԥгашьала ахәаԥшҩы еиликаауеит афырхаҵа акы дшаргәамҵуа, хәыцрак бааԥсык дамҽхакны дшамоу. Ус дҩагылоит, игәҭакы анагӡара иҽыназикуеит. Ишьаҵақәа наишьхны, аҟәардә дыҩхалоит, ашаха ихәда инахаиршәуеит, илахь-иџьымшь иӡатәуеит. Ахәаԥшцәа иҟаларызеишь ҳәа ишыԥшуа, иаалырҟьаны ашә аҵәҵәабжьы гоит, арԥыс ацәа даалҵызшәа дҩалбааԥоит. Ус дааҩналоит абзазаратә ҩнымаҭәа зҭиуа аҭыԥҳа. Уи дласуп, длахҿыхуп, еиҳау абзиабаратә цәанырра адгылара алҭоит. Лара лхымҩаԥгашьала илылшоит здунеи ҵакыдахаз ауаҩы аԥсҭазаарахь ирхынҳәра.
Аҭыԥҳа лроль налыгӡон Хыбла Мықәԥҳа. Лара лажәақәа рыла, аспектакль аԥхьарбара акраамҭа иазыԥшын, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны иахыго иааргон:
"Иахьа гәахәарыла иҳадаҳкылеит ҳгәахәтәы анагӡара ахьҳалшаз. Хаҭала даара исгәаԥхоит сроль, исықәҿиеит ҳәа сгәы иаанагоит. Сфырхаҵа дысзааигәоуп, уи дласуп, ауадаҩрақәа рыӡбараҟны дманшәалоуп, еиҳау ацәанырра дадгылоуп. Урҭ аҟазшьақәа ирыбзоураны, сгәы ишсыҵанаҳәоз сыхәмаруан", - лҳәеит актриса аспектакль ашьҭахь.
© Sputnik / Томас Тхайцук

"Аԥсҭазаара азыхынҳәра": Аԥсуа театр аспектакль ҿыц "Аԥшьбатәи аҟәардә" аԥхьарбара

"Аԥсҭазаара азыхынҳәра": Аԥсуа театр аспектакль ҿыц "Аԥшьбатәи аҟәардә" аԥхьарбара - Sputnik Аҧсны
1/6

2/6

3/6

4/6

5/6

6/6

Арежиссиор-ақәыргылаҩ Роман Сабуа иажәақәа рыла, актиорцәа ирылшеит иара ишибоз ала ахәмарра, аха иазгәеиҭеит, аԥхьарбараан иаразнак арежиссиор игәҭакы аарԥшра алымшахар шалшо атәы.
"Актиор ироль даараӡа ихадароуп, ақәыргылаҩ иус аасҭагьы. Избанзар, уи ишибо, ишеиликаауа еиԥш ахәаԥшцәа рахь инеигароуп. Аспектакль актәи амш азы уи залмыршахаргьы, ихадароу ахәаԥшцәа зхәаԥшыз аҟынтә рхазы лкаак аналыркаауа ауп. Ҳаспектакль ӡырыргеит апрофессионалтә актиорцәа, сгәы еизҳауеит ахәаԥшцәа ишыргәаԥхаз еилкааны", - ҳәа иҳәеит иара.
Роман Сабуа ааигәа арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәахьан ари аспектакль аҿар рахь ахы хоуп, дара рыуадаҩрақәа ирызкуп ҳәа.
"Аԥсҭазаараҿы имҩашьо аӡәгьы дыҟаӡам, убри еиҳарак аҿар рыпсихологиа иацрасуеит, рыԥсҭазааратә мҩаҟны имҩахҟьар ауеит. Убри азы иаҭаху ҳәа Тонино Гуерра иҳаиҳәоит ауаҩы иԥсы-игәы ирыцқьароуп, ихшыҩ ирыцқьароуп, ихаҭара дазыхынҳәроуп. Зхаҭара иазыхынҳәыз ауаҩы анасыԥ, абзиабара ахьыҟоу амҩа дықәлоит", - иҳәеит Сабуа.
Сабуа ақәыргыламҭа Аҧшьбатәи аҟәардә азы: еиҳарак аҿар ирзырхоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2022
Арадио
Сабуа ақәыргыламҭа "Аԥшьбатәи аҟәардә" азы: еиҳарак аҿар ирзырхоуп
Сааҭк инеиҳаны ицоз аспектакль ахәаԥшцәа ишыргәаԥхаз мҩашьо иубарҭан. Ахәаԥшҩы Алиса Занҭариаԥҳа лажәақәа рыла, ааигәа ас еиԥш илахҿыху аспектакль дамыхәаԥшыцт, лцәаныррақәа ҳацеиҩшо иазгәалҭеит:
"Аԥсуа театр акырынтә саҭаахьеит, аха иахьатәи ақәгыламҭа даҽакала сгәаҿы иааит. Иааҳакәыршаны иҟоу анегативтә знеишьақәа аԥыжәара амҭакәан, аԥсҭазаара уаназыхынҳә ауп аиааира ануго. Сгәы иаанагоит азал аҟны итәаз ахәаԥшцәа рхатәы лкаақәа шыҟарҵаз", - лҳәеит лара.
Италиатәи ашәҟәыҩҩы, адраматург Тонино Гуерреи афранцыз журналист Лиусиль Лакси рыпиесала Аԥсуа драматә театр аҟны иқәыргылаз аспектакль "Аԥшьбатәи аҟәардә" еиҭеигеит, режиссиорсгьы дамоуп Роман Сабуа, музыкала еиқәиршәеит атеатр абжьы арежиссиор, акомпозитор Ҭемыр Агрба, асахьаҭыхыҩ - Гарри Дочиа.
"Аԥшьбатәи аҟәардә" дырбахоит иара убас лаҵарамза 11 асааҭ 19:00 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0