Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сабуа ақәыргыламҭа "Аԥшьбатәи аҟәардә" азы: еиҳарак аҿар ирзырхоуп

Сабуа ақәыргыламҭа "Аҧшьбатәи аҟәардә" азы: еиҳарак аҿар ирзырхоуп
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иддырбоит аспектакль ҿыц "Аԥшьбатәи аҟәардә". Уи ақәыргылаҩ - арежиссиор Роман Сабуа еиҭеиҳәеит ари апиеса залихыз ахәаԥшҩы ирбаразы.
Аспектакль ҿыц "Аԥшьбатәи аҟәардә" аԥхьарбара мҩаԥысуеит Аԥсуа хәынҭқарратә драматә театр аҟны лаҵара 10, 11 асааҭ 19 рзы.
Жәытә-натә аахыс здунеихәаԥшышьа еиҿагыло аԥҳәыси ахаҵеи реизыҟазаашьа иазкыу, аемоциеи адинамикеи зцу ҭоурыхуп иаарԥшу Тонино Гуерреи афранцыз журналист Лиусиль Лакси рыпиесаҟны. Иара еиҭаҳәоуп алирикатә фарс ажанр ала.
Арольқәа нарыгӡоит Аԥсуа театр актиорцәа Саид Лазбеи Хьыбла Мықәԥҳаи. Ақәыргыламҭа арежиссиор Роман Сабуа иоуп, музыкала еиқәиршәеит атеатр абжьы арежиссиор, акомпозитор Темыр Агрба..
"Аҿар рахь ахы хоуп, дара рыуадаҩрақәа ирызкуп. Нас аԥсҭазаараҿы имҩашьо аӡәгьы дыҟаӡам, убри еиҳарак аҿар рыԥсихологиа иацрасуеит, рыԥсҭазааратә мҩаҟны имҩахҟьар ауеит. Убри азы иаҭаху ҳәа Тонино Гуерра иҳаиҳәоит ауаҩы иԥсы-игәы ирыцқьароуп, ихшыҩ ирыцқьароуп, ихаҭара дазыхынҳәроуп. Зхаҭара иазыхынҳәыз ауаҩы анасыԥ, абзиабара ахьыҟоу амҩахь дықәлоит", - иҳәеит Сабуа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0