АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара амш аҳаҭыр азы адныҳәалара ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит ААР амедиацентр.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә маҵзура ҳмилаҭтә интересқәа рыхьчареи рымҩаԥгареи алнаршоит, Ареспублика жәларбжьаратәи аимадарақәа рымҽхак арҭбаауеит, иаӡбоит атәылазы акрызҵазкуа егьырҭ азҵаарақәа", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Ахада аусбарҭа аусзуҩцәа адәныҟаполитикатә усбарҭа аусура арӷәӷәара, жәларбжьаратәи азхаҵара амҽхак арҭбаара, лыҵшәазмоу ҳусеицура аихаҳара алыршара рзеиӷьеишьеит.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа адныҳәалара азынеишьҭит Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут. Иара иҳәеит аминистрра Аԥсны адәныҟатәи аполитика мҩақәҵагас иазыҟоуп ҳәа, иазгәеиҭеит адипломатцәа рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа рыӡбара адырра ҭбааи, аҟазареи, аԥсадгьыл ахь абзиабара дуи рҭахуп ҳәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә маҵзура дадныҳәалеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Лара иазгәалҭеит иахьа ишаатуа алшара ҿыцқәа, аха убри аан ашәарҭарақәагьы аҭыԥ шрымоу. Адныҳәалараан аминистр аԥсуа дипломатиа лгәыӷрақәа адылҳәалеит ареспублика инарҭбаау азхаҵара аиуразы.
Аминистрра уаанӡатәи ахада Даур Ақаҩба идныҳәалараҿы иазгәеиҭеит аԥсуа дипломатцәа еснагь хра аманы рҿаԥхьа иқәгылаз аусқәа шырыӡбоз, атәыла аинтересқәа рыхьчаразы иалшо зегь шыҟарҵоз.
Аԥснытәи аполитикцәа реиԥш, Аԥсны ААР адныҳәалара азааишьҭит Урыстәыла Афедерациатә хеилак алахәыла, аҳәынҭқарратә суверенитет ахьчарази аҩнуҵҟатәи аусқәа ахрылагалара алмыршарази акомиссиа ахантәаҩы Андреи Климов.