Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2022
Анапаҵаҩра
29 шықәса раԥхьа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз 1992-1993 шықәсқәа раан, лаҵарамза 17 1993 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара иазкыз Ақәҵара нап аҵаҩын.
АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара амш аҳаҭыр азы адныҳәалара ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит ААР амедиацентр.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә маҵзура ҳмилаҭтә интересқәа рыхьчареи рымҩаԥгареи алнаршоит, Ареспублика жәларбжьаратәи аимадарақәа рымҽхак арҭбаауеит, иаӡбоит атәылазы акрызҵазкуа егьырҭ азҵаарақәа", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Ахада аусбарҭа аусзуҩцәа адәныҟаполитикатә усбарҭа аусура арӷәӷәара, жәларбжьаратәи азхаҵара амҽхак арҭбаара, лыҵшәазмоу ҳусеицура аихаҳара алыршара рзеиӷьеишьеит.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа адныҳәалара азынеишьҭит Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут. Иара иҳәеит аминистрра Аԥсны адәныҟатәи аполитика мҩақәҵагас иазыҟоуп ҳәа, иазгәеиҭеит адипломатцәа рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа рыӡбара адырра ҭбааи, аҟазареи, аԥсадгьыл ахь абзиабара дуи рҭахуп ҳәа.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2022
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр аколлектив аусбарҭа ашьаҭаркра амш рыдиныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә маҵзура дадныҳәалеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Лара иазгәалҭеит иахьа ишаатуа алшара ҿыцқәа, аха убри аан ашәарҭарақәагьы аҭыԥ шрымоу. Адныҳәалараан аминистр аԥсуа дипломатиа лгәыӷрақәа адылҳәалеит ареспублика инарҭбаау азхаҵара аиуразы.
Аминистрра уаанӡатәи ахада Даур Ақаҩба идныҳәалараҿы иазгәеиҭеит аԥсуа дипломатцәа еснагь хра аманы рҿаԥхьа иқәгылаз аусқәа шырыӡбоз, атәыла аинтересқәа рыхьчаразы иалшо зегь шыҟарҵоз.
Аԥснытәи аполитикцәа реиԥш, Аԥсны ААР адныҳәалара азааишьҭит Урыстәыла Афедерациатә хеилак алахәыла, аҳәынҭқарратә суверенитет ахьчарази аҩнуҵҟатәи аусқәа ахрылагалара алмыршарази акомиссиа ахантәаҩы Андреи Климов.
Ладариа: иахьа аԥсуа дипломатцәа русура зегьы аинформациатә еибашьра иазырхоуп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2022
Арадио
Ладариа: иахьа аԥсуа дипломатцәа русура зегьы аинформациатә еибашьра иазырхоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0