Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Хымш рыҩнуҵҟа "Азовсталь" иҭыҵит забџьар шьҭазҵаз 1730-ҩык аукраин еибашьцәа

Мшаԥы 21 азы урыстәылатәи аруааи ДЖәР амчрақәеи Мариуполь ахы иақәиҭыртәит, убри аан ҩ-нызқьҩык инреиҳаны амилаҭеилыхыҩцәа азауад "Азовсталь" аҿы рҽырҵәахит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Хымш рыҩнуҵҟа мариупольтәи азауад "Азовсталь" иҭыҵит забџьар шьҭазҵаз 1730-ҩык аукраин еибашьцәа. Иацтәи амш азы – 771-ҩык ҭыҵит ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Ииасыз амш азы мариупольтәи азауад "Азовсталь" иҭыҵит забџьар шьҭазҵаз – 771-ҩык аибашьцәа. Зынӡа лаҵара 16 аахыср рабџьар шьҭаҵаны рыҽҳарҭахьеит 80-ҩык ахәцәа назлоу 1730-ҩык аибашьцәа", - иҳәеит иара.

Конашенков иазгәеиҭеит амедицинатә цхыраара зҭаху зегьы Новоазовски Донецки ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп ҳәа.
Хәажәкыра 7 азы урыстәылатәи аруааи ДЖәР амчрақәеи Мариуполь амацәаз иҭаркит. Мшаԥы 21 азы ақалақь ахы иақәиҭыртәит, убри аан ҩ-нызқьҩык рҟынӡа амилаҭеилыхыҩцәа украинатәи рполк "Азов" аҟынтәи аибашьцәеи аруааи азауад "Азовсталь" аҿы рҽырҵәахит.
Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит азауад ааглыхратә ҵакыра ҭахыркаарц. Хәажәкыра 16 азы забџьар шьҭазҵаз раԥхьатәиқәа азауад иҭыҵит.