Аԥсны

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкны Аҟәа ашьамаҟа адыркит, амца ду еиқәырҵеит

1864 шықәса, лаҵара 21 – Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан аҵаҟахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Кавказтәи аибашьра иалаӡызи амҳаџьырра иагази ргәалашәара акамыршәразы Аҟәа Амҳаџьырқәа рбаҟа аҿаԥхьа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥган.
Мчыла зыԥсадгьыл Аԥсны иахцаз ҳажәлар рхаҭарнакцәа ргәаладыршәарц ара еизеит ауааԥсыра рацәаны, урҭ рыбжьара иҟоуп арепатриантцәа, зџьынџь дгьыл ахь ихынҳәыз ҳашьцәа.
Ашәҭқәа абаҟа аҿаԥхьа ианышьҭарҵаз ашьҭахь, есышықәса традициас иҟалаз агәалашәара иадырганы ацәашь ду - ашьамаҟа адыркит, еиқәырҵеит амца ду.
1 / 9

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкны Аҟәа ашьамаҟа адыркит, амца ду еиқәырҵеит

2 / 9

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкны Аҟәа ашьамаҟа адыркит, амца ду еиқәырҵеит

3 / 9

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкны Аҟәа ашьамаҟа адыркит, амца ду еиқәырҵеит

4 / 9

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкны Аҟәа ашьамаҟа адыркит, амца ду еиқәырҵеит

5 / 9

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкны Аҟәа ашьамаҟа адыркит, амца ду еиқәырҵеит

6 / 9

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкны Аҟәа ашьамаҟа адыркит, амца ду еиқәырҵеит

7 / 9

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкны Аҟәа ашьамаҟа адыркит, амца ду еиқәырҵеит

8 / 9

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкны Аҟәа ашьамаҟа адыркит, амца ду еиқәырҵеит, ашәҭқәа амшын ихырҵеит

9 / 9

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкны Аҟәа ашьамаҟа адыркит, амца ду еиқәырҵеит, ашәҭқәа амшын ихырҵеит

Аҵыхәтәаны аусмҩаԥгатә алахәылацәа амҳаџьырцәа ргәалашәаразы ашәҭшьыҵәрақәа амшын ихырҵеит.
1864 шықәса, лаҵара 21 – Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан аҵаҟахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит. Дара аҭырқәа ӷбақәа ирықәыртәаны амшын иӡхырҵеит, аӡәырҩы уи амҩа цәгьа рзырхымгеит, наӡаӡа Амшын еиқәа аҵа инхеит.
Аԥсны
Угәы ҭызшьаауа атема: акультуратә хәышҭаара "Гәыма" аҿы ҩымштәи ацәыргақәҵа аадыртит