Аԥсны

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкыз аиԥхныҩлара мҩаԥысит Аҟәа

Кавказтәи аибашьра иалаӡызи амҳаџьырра иагаз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәеи Аԥсны есышықәса иргәаладыршәоит лаҵара 21 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атлетика ласы иаҵанакуа акросс "Нарҭаа дуқәа реиԥхныҩлара" мҩаԥысит Аҟәа лаҵара 21 рзы амҳаџьырқәа ргәалашәара аҳаҭыр азы.
"Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкны аиԥхныҩларақәа есышықәса имҩаԥаагоит, уи уажәшьҭа итрадициахеит. Иалахәхар рылшоит изҭаху зегьы, қәрас изҵанакуазаалакгьы", - лҳәеит аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Лолита Назарс.
Назарс лажәақәа рыла, есышықәса уи алахәылацәа рхыԥхьаӡара иацлоит, сынтәа шәҩык инареиҳаны рҽанырҵеит.
"Арԥарцәа Алашарбага аҳаблаҿы 12-тәи ашкол иахьазааигәоу аҟынтәи идәықәлеит, аҭыԥҳацәа - ауараш зауад иахьаҵанакуа аҟынтәи. Аҭыԥҳацәа 3,3 километр иҩуеит, арԥарцәа - 5,5 километра", - ҳәа азгәалҭеит Назарс.
1 / 6

Валериа Дмитриенко

2 / 6

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкыз аиԥхныҩлара мҩаԥысит Аҟәа

3 / 6

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкыз аиԥхныҩлара мҩаԥысит Аҟәа

4 / 6

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкыз аиԥхныҩлара мҩаԥысит Аҟәа

5 / 6

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкыз аиԥхныҩлара мҩаԥысит Аҟәа

6 / 6

Амҳаџьырқәа ргәалашәара иазкыз аиԥхныҩлара мҩаԥысит Аҟәа

Аиԥхныҩлара алҵшәақәа рыла, ахацәа рыбжьара акатәи аҭыԥ игеит Гәдиса Адлеиба, аҭыԥҳацәа рыбжьара - Валериа Дмитриенко.
Кавказтәи аибашьреи амҳаџьырреи ирылаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы аиԥхныҩлара еиҿнакааит Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы. Ҵыԥх ари аҩыза аспорттә еицлабра мҩаԥысит Тамшь ақыҭан. Усҟан уахь инеит Аԥсны ахы-аҵыхәа рҟынтәи алахәылацәа.
Аԥсны
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит