https://sputnik-abkhazia.info/20220521/aa-ashaay-asakhaykhytsa-arepatrianttsa-rusumaa-rtsyrgaa-aatit-1039199680.html
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Sputnik Аҧсны
Ацәыргақәҵаҿы иқәыргылоуп аԥсуа мҳаџьырқәа ирхылҵшьҭроу ааҩык асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 25. 21.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-21T15:30+0300
2022-05-21T15:30+0300
2022-05-21T15:57+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/15/1039200206_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_2f48f26be6dc94b3d74d23d0d231eaea.jpg
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа амҳаџьырра иагаз ҳмилаҭ рхаҭарнакцәа ргәалашәара иазку асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аадыртит.Ацәыргақәҵаҿы иқәыргылоуп аԥсуа мҳаџьырқәа ирхылҵшьҭроу ааҩык асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 25. Урҭ злаҭыху астильқәа еиуеиԥшым."Аус злазуа атехника иахьӡуп "микс", избанзар схы иасырхәоит еиуеиԥшым ашәыгақәа, акрил, маркер, уб.егь. Ари иахьатәи аамҭа иақәшәо ҟазароуп - сара сҭыхуеит амагнолиа абӷьаҿы, нас урҭ афотосахьақәа ирыдсырҷаблоит, убас абарҭ рҩызцәа аусумҭақәа рылҵуеит", - иҳәеит Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз асахьаҭыхҩы Кадыр Тәанба.Кавказтәи аибашьраан иҭахази амҳаџьырра иагаз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәеи ргәаладыршәоит есышықәса лаҵара 21 рзы. Ари аҽны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит Аԥсны ада Кавказ ареспубликақәеи адунеи иалаԥсоу Кавказ жәларқәа рдиаспора ахьынхо атәылақәа рҟынгьы.Аҟәа амш иалагӡаны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп - "Нарҭаа дуқәа реиԥхныҩлара" захьӡу атлетика лас азы аицлабра, амца ду аиқәҵара, амзақәа реиҭаҳара, ашәҭқәа рышьҭаҵара.Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭеит Гәдоуҭагьы. Агәалашәаратә церемониа иалахәын араион анапхгареи ауаажәларреи.
https://sputnik-abkhazia.info/20220521/aa-irgaladyrsheit-amayrra-iagaz-kavkaz-azhlara-1039195337.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/15/1039200206_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_7845e2d4136bd6c06418b72872f3167b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
15:30 21.05.2022 (ирҿыцуп: 15:57 21.05.2022) Ацәыргақәҵаҿы иқәыргылоуп аԥсуа мҳаџьырқәа ирхылҵшьҭроу ааҩык асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 25.
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа амҳаџьырра иагаз ҳмилаҭ рхаҭарнакцәа ргәалашәара иазку асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аадыртит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
© Sputnik / Томас Тхайцук Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
© SputnikАҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
© Sputnik / Томас Тхайцук Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
© Sputnik / Томас Тхайцук Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы асахьаҭыхыҩцәа-арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Ацәыргақәҵаҿы иқәыргылоуп аԥсуа мҳаџьырқәа ирхылҵшьҭроу ааҩык асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 25. Урҭ злаҭыху астильқәа еиуеиԥшым.
"Аус злазуа атехника иахьӡуп "микс", избанзар схы иасырхәоит еиуеиԥшым ашәыгақәа, акрил, маркер, уб.егь. Ари иахьатәи аамҭа иақәшәо ҟазароуп - сара сҭыхуеит амагнолиа абӷьаҿы, нас урҭ афотосахьақәа ирыдсырҷаблоит, убас абарҭ рҩызцәа аусумҭақәа рылҵуеит", - иҳәеит Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз асахьаҭыхҩы Кадыр Тәанба.
Кавказтәи аибашьраан иҭахази амҳаџьырра иагаз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәеи ргәаладыршәоит есышықәса лаҵара 21 рзы. Ари аҽны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит Аԥсны ада Кавказ ареспубликақәеи адунеи иалаԥсоу Кавказ жәларқәа рдиаспора ахьынхо атәылақәа рҟынгьы.
Аҟәа амш иалагӡаны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп - "Нарҭаа дуқәа реиԥхныҩлара" захьӡу атлетика лас азы аицлабра, амца ду аиқәҵара, амзақәа реиҭаҳара, ашәҭқәа рышьҭаҵара.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш
азгәарҭеит Гәдоуҭагьы. Агәалашәаратә церемониа иалахәын араион анапхгареи ауаажәларреи.