Аԥсны

Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит лаҵара 21 рзы. Ари аҽны адунеи иалаԥсоу аԥсуа жәлар рдиаспорақәа рҿы иргәаладыршәоит мчыла зҭоурыхтә ԥсадгьыл иахцаз рабдуцәа урҭ рабдуцәа.
Sputnik
ГӘДОУҬА, лаҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа лаҵара 21 рзы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Гәдоуҭа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба иқәгылараан ишазгәеиҭаз ала, изныкымкәа ҳадгьыл аҿы иҟаз амҳаџьырра ацәқәырԥақәа рымшала аԥсуаа реиҳараҩык рџьынџь ааныжьны мчыла атәым дгьыл ахь ицар акәхеит, уи иахҟьаны ҳмилаҭ ааха ду аиуит, усҟан иаҳнылаз ахәрақәа иахьагьы имӷьаӡацт.
"Агәаҟра ду ҳашҭагылазгьы, Анцәа имч ала ҳажәлар ирылшеит рхеиқәырхара, рыԥсадгьыл аиқәырхара. Адунеи аҟны ҳџьынџьуаа ахьыҟазаалакгьы ԥеиԥш бзиа рымазааит, уаҳа Аԥсны абри аҩыза ахлымӡаах иҭамгылааит", - иҳәеит Аҩӡба.
Иара иажәа иацҵо иҳәеит Гәдоуҭа араион аҿы ари аҩыза аусмҩаԥгатә есышықәса ишеиҿыркаауа. Ҳабацәа урҭ рабацәа ргәаларшәара - дарбанзаалак аԥсуа милаҭ еиуоу иуалуп.
Ашәҭшьҭаҵара мҩаԥысит амҳаџьырраан зыԥсадгьыл мчыла иахыгаз, иҭахаз аԥсуаа ргәалашәара иазкны 2018 шықәса рзы архитектор Игорь Смыр иргылаз амемориал аҿаԥхьа. Уи иалахәын араион анапхгареи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи.
1 / 3

Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит

2 / 3

Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит

3 / 3

Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит

Амемориал символра азнауеит амҳаџьырраан аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл иҭыганы изларго аҭырқәа ӷба "Маҳмадиа".
Апоет Абзагә Ҟалӷьы Кавказтәи аибашьреи амҳаџьырреи ирылаӡыз ауааԥсыра ирызкыз ихатәы жәеинраала "Сашьцәа - сыблақәа" даԥхьеит.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы уи иалахәыз амшын ашәҭ шьыҵәрақәа хырҵеит.
Аԥсны
Аҟәа иргәаладыршәеит амҳаџьырра иагаз Кавказ ажәларқәа
1864 шықәса, лаҵара 21 – Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан аҵаҟахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит.
Иахьа адунеи атәылақәа 50 рҟны инхоит урҭ рхылҵшьҭрақәа. Реиҳараҩык нхоит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа уҳәа Мрагылара ааигәа егьырҭ атәылақәа рыҟны.