https://sputnik-abkhazia.info/20220521/gdoua-kavkazti-aibashra-ialayz-ashkharyua-zhlara-rgaladyrsheit-1039198407.html
Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит
Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит
Sputnik Аҧсны
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит лаҵара 21 рзы. Ари аҽны адунеи иалаԥсоу аԥсуа жәлар рдиаспорақәа рҿы иргәаладыршәоит мчыла зҭоурыхтә... 21.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-21T12:30+0300
2022-05-21T12:30+0300
2022-05-21T12:38+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/15/1039195669_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_75765646857f2aaef521bdb4ca4f52e8.jpg
ГӘДОУҬА, лаҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа лаҵара 21 рзы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.Гәдоуҭа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба иқәгылараан ишазгәеиҭаз ала, изныкымкәа ҳадгьыл аҿы иҟаз амҳаџьырра ацәқәырԥақәа рымшала аԥсуаа реиҳараҩык рџьынџь ааныжьны мчыла атәым дгьыл ахь ицар акәхеит, уи иахҟьаны ҳмилаҭ ааха ду аиуит, усҟан иаҳнылаз ахәрақәа иахьагьы имӷьаӡацт.Иара иажәа иацҵо иҳәеит Гәдоуҭа араион аҿы ари аҩыза аусмҩаԥгатә есышықәса ишеиҿыркаауа. Ҳабацәа урҭ рабацәа ргәаларшәара - дарбанзаалак аԥсуа милаҭ еиуоу иуалуп.Ашәҭшьҭаҵара мҩаԥысит амҳаџьырраан зыԥсадгьыл мчыла иахыгаз, иҭахаз аԥсуаа ргәалашәара иазкны 2018 шықәса рзы архитектор Игорь Смыр иргылаз амемориал аҿаԥхьа. Уи иалахәын араион анапхгареи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи.Амемориал символра азнауеит амҳаџьырраан аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл иҭыганы изларго аҭырқәа ӷба "Маҳмадиа".Апоет Абзагә Ҟалӷьы Кавказтәи аибашьреи амҳаџьырреи ирылаӡыз ауааԥсыра ирызкыз ихатәы жәеинраала "Сашьцәа - сыблақәа" даԥхьеит.Агәалашәаратә усмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы уи иалахәыз амшын ашәҭ шьыҵәрақәа хырҵеит.1864 шықәса, лаҵара 21 – Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан аҵаҟахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит.Иахьа адунеи атәылақәа 50 рҟны инхоит урҭ рхылҵшьҭрақәа. Реиҳараҩык нхоит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа уҳәа Мрагылара ааигәа егьырҭ атәылақәа рыҟны.
https://sputnik-abkhazia.info/20220521/aa-irgaladyrsheit-amayrra-iagaz-kavkaz-azhlara-1039195337.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/15/1039195669_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_bb81cc4cf435e0450e288ada50db7474.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра
Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит
12:30 21.05.2022 (ирҿыцуп: 12:38 21.05.2022) Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит лаҵара 21 рзы. Ари аҽны адунеи иалаԥсоу аԥсуа жәлар рдиаспорақәа рҿы иргәаладыршәоит мчыла зҭоурыхтә ԥсадгьыл иахцаз рабдуцәа урҭ рабдуцәа.
ГӘДОУҬА, лаҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа лаҵара 21 рзы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Гәдоуҭа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба иқәгылараан ишазгәеиҭаз ала, изныкымкәа ҳадгьыл аҿы иҟаз амҳаџьырра ацәқәырԥақәа рымшала аԥсуаа реиҳараҩык рџьынџь ааныжьны мчыла атәым дгьыл ахь ицар акәхеит, уи иахҟьаны ҳмилаҭ ааха ду аиуит, усҟан иаҳнылаз ахәрақәа иахьагьы имӷьаӡацт.
"Агәаҟра ду ҳашҭагылазгьы, Анцәа имч ала ҳажәлар ирылшеит рхеиқәырхара, рыԥсадгьыл аиқәырхара. Адунеи аҟны ҳџьынџьуаа ахьыҟазаалакгьы ԥеиԥш бзиа рымазааит, уаҳа Аԥсны абри аҩыза ахлымӡаах иҭамгылааит", - иҳәеит Аҩӡба.
Иара иажәа иацҵо иҳәеит Гәдоуҭа араион аҿы ари аҩыза аусмҩаԥгатә есышықәса ишеиҿыркаауа. Ҳабацәа урҭ рабацәа ргәаларшәара - дарбанзаалак аԥсуа милаҭ еиуоу иуалуп.
Ашәҭшьҭаҵара мҩаԥысит амҳаџьырраан зыԥсадгьыл мчыла иахыгаз, иҭахаз аԥсуаа ргәалашәара иазкны 2018 шықәса рзы архитектор Игорь Смыр иргылаз амемориал аҿаԥхьа. Уи иалахәын араион анапхгареи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи.

Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит

Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит

Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит
Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит
Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит
Гәдоуҭа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа ргәаладыршәеит
Амемориал символра азнауеит амҳаџьырраан аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл иҭыганы изларго аҭырқәа ӷба "Маҳмадиа".
Апоет Абзагә Ҟалӷьы Кавказтәи аибашьреи амҳаџьырреи ирылаӡыз ауааԥсыра ирызкыз ихатәы жәеинраала "Сашьцәа - сыблақәа" даԥхьеит.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы уи иалахәыз амшын ашәҭ шьыҵәрақәа хырҵеит.
1864 шықәса, лаҵара 21 – Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан аҵаҟахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит.
Иахьа адунеи атәылақәа 50 рҟны инхоит урҭ рхылҵшьҭрақәа. Реиҳараҩык нхоит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа уҳәа Мрагылара ааигәа егьырҭ атәылақәа рыҟны.