Аԥсны

Аԥсуа еибашьыга шхәа ҩаԥхьа Риҵа ихырҵеит

Аԥсуа еибашьыга ӷба ареплика еиҭашьақәыргыланы Риҵаҟа инаган 2021 шықәса нанҳәамзазы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа еибашьыга ӷба ареплика ҩаԥхьа Риҵа ихыланы ауаа рнага-аагара иалагеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит аетнопарк "Аԥсны" апресс-маҵзураҿы.
"Иацаахыс Риҵа ашхәа хылеит, аусура иалагеит", - рҳәеит аетнопарк аҿы.
Аԥсны атәылауааи асасцәеи ашхәа иақәтәаны инаԥшы-ааԥшуа Риҵеи уи акәша-мыкәша иҟоу аԥсабара ԥшӡеи аӡы ихыланы ирбар рылшоит.
Аԥсуаа ржәытә еибашьыга шхәа еиҭашьақәыргылан асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа архивтә сахьақәа ихы иархәаны иҭихыз аҵәаӷәанҵақәа рыла Петрозаводск, аетнопарк "Аԥсны" аҿаҵарала. Ашхәа Аԥсныҟа иааганы аӡиа Риҵа ихҵан нанҳәа 5 рзы. Уи аус ауан цәыббрамза аанҵәаанӡа, ахьҭақәа аныҟала уи аетнопарк "Аԥсны" ахь инаган.
Сынтәагьы ашхәа цәыббрамза аанҵәаанӡа иныҟәалоит, амш иаур.
Аԥсуа еибашьыга шхәа Риҵа аӡиаҟны иԥыршәеит
Аетнопарк "Аԥсны" аҿы ргәы иҭоуп даҽа шхәакгьы ҟаҵаны аӡиа ахҵара.