00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсуа еибашьыга шхәа Риҵа аӡиаҟны иԥыршәеит

© Foto / Елена ЛабахуаБоевая галера на Рице
Боевая галера на Рице  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Анапаҵаҩра
Петрозаводск иргылаз аԥсуа еибашьыгатә шхәа аӡиа Риҵа ихырҵеит нанҳәа 5 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсныҟа иаагоу аԥсуа еибашьыга шхәа Риҵа аӡиаҟны қәҿиарала иԥыршәеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩ, аҵәаӷәанҵа автор Баҭал Џьапуа.
"Аԥрақәа еиҵыхны аума, ажәҩа иаҵшьуа аума, амотор аус аруны аума ашхәа аӡиа еиҩырффо ихуп. Агәаҭарақәа қәҿиарала иахысит. Иманшәалахеит ҳшақәымӷәыӷуаз", - иҳәеит Џьапуа.
Џьапуа иҳәеит аԥсшьаҩцәа иџьашьаны ишахәаԥшуаз, асахьақәа рацәаны ишҭырхуаз. Ашхәа ахархәара иалагаанӡа акоманда еиҿкааны акаԥдан даҭатәуп, уи азы аӡбамҭа рыдыркылоит аетнопарк "Аԥсны" аиҳабыра.
Спустя два века: абхазскую боевую галеру доставят в республику в конце недели   - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2021
Илабҿабахаз аҭоурых: аԥсуа еибашьыга шхәа аӡы ишхырҵаз
Архивтә сахьақәа рыла еиҭашьақәыргылоу аԥсуа еибашьыга шхәа Петрозаводск иҟарҵеит аетнопарк "Аԥсны" аҿаҵала. Ашхәа қәҿиарала иԥыршәеит Онегатәи аӡиаҿы иҟоу аӷбаргыларҭа "Варяг" аҿы. Ашхәа аура 14,5 метра иҟоуп, аҭбаара - 2,5 метра. Ажәҩақәа 14 амоуп. Карелиатәи аԥсаӡи аџьи ирылхуп. Сааҭк ала аццакра 12-14 километра инаӡоит. 50-ҩык ауаа акуеит.
Аԥсныҟа ианааргоз аԥсуа-адыга еибашьыга шхәа ареплика ддырбеит Маиҟәаԥ, Мрагылара амузеи аҿы.
Sputnik аинтервиу аҭо асахьаҭыхыҩ, аҵәаӷәанҵа автор Баҭал Џьапуа ишиҳәаз ала, арҭ ашхәақәа реиԥш змаз аԥсуааи адыгақәеи ракәын. Дара рыхкқәа рацәан. Иҟан 200-300-ҩык шьҭызхуаз.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0