Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Украина аибашьыгатә авиациа рырныҟәагақәа ахьыҭрыжьуаз азауад еилаԥырыххааит

Иацы ихыркәшан мариупольтәи абаӷәаза аминақәа рҟынтәи арыцқьаразы ауснагӡатәқәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Урыстәылатәи ар ракетала аибашьыгатә авиациа рырныҟәагақәа ахьыҭрыжьуаз азауад "Мотор Сич" аахақәа арҭеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"Ахара ихысуа аракетақәа Запорожье ақалақь аҿы аибашьыгатә авиациеи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи рырныҟәагақәа ахьыҭрыжьуаз азауад "Мотор Сич" еилаԥырыххааит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иара убасгьы ааха рыҭан УАМ рымчқәа Донбасс рырӷәӷәаразы украинатәи ар ррезерв ҟәша.
Уахыки-ҽнаки рыла ракетала иҭархан анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа, аимадаратә ҭыԥ, УАМ Николаевтәи аобласт аҿтәи арадиотехникатә центр, 72-тәи амотошьаҟатә бригада алогистикатә центр, абылтәы ҵәахырҭақәа ҩба, арратә техника аҵәахырҭа, ари атехникеи ргыларҭақәа 16.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи асапиорцәа Мариупольтәи абаӷәазаҿ аминақәа ыҵырхит
Урыстәылатәи аоператив-тактикатә авиациа иҭанархеит аџьаԥҳани аракета-артиллериатә бџьари рыҵәахырҭақәа ҩба, Соледар аҵакыратә хьчара аштабқәеи, ари аибашьыгатә техникеи ргыларҭақәа 46. Иҭархоуп амилаҭеилыхыҩцәа 300-ҩык, 46 ак аибашьыгатә техника.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит украинатәи аҳаирплан Ми-8, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 11, "Байрактар ТБ-2" назлоу.
Урыстәыла аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит 51 напхгараҭаратә ҭыԥ, ари аибашьыга техникеи ргыларҭақәа 385, 53 артиллериатәи аминаршәгатәи позициа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина америкатәи агаубицақәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ықәырхит