Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа Украина америкатәи агаубицақәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ықәырхит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраС "Азовстали" вывозят раненых украинских военных
С Азовстали вывозят раненых украинских военных - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аоперациа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны аруаа арратә техникеи арратә хыбрақәеи ықәырхоит.
АҞӘА, лаҵара 23 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа аракетақәа рыла Украина америкатәи агаубицақәа М-777 рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ықәырхит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа урыстәылатәи ар аракетақәа рыла ааха рырҭеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа, ари аибашьыгатә техникеи ргыларҭақәа 36, анхарҭатә ҭыԥ Соледа иҟаз ахаланыҟәатә амеханизациа зызу 14-тәи артиллериатә дивизион агәыԥ, иара убас Миньковка, Бахмут, Николаевка, Спорное, Лиман, ДЖәР аиланхарҭақәа рҟны иҟоу аџьаԥҳанышьҭаҵараҭақәа фба, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Раздоловка иҟоу зымҽхак ҭбаау америкатәи агаубицақәа М-777 рзы арҭҟәацгақәа 155-мм рышьҭаҵраҭақәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәылатәи аоператив-тактикатә авиациа уахыки-ҽнаки рыла ааха рнаҭеит ар рнапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩба, аџьаԥҳанышьҭаҵараҭақәа хԥа, ари аибашьыгатә техникеи ргыларҭақәа 80, ДЖәР ЗРК "Бук-М1", Донецктәи араион Краматорск аҟны урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит украинатәи аҳаирплан МиГ-29. Зынӡа иҭархан 210-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, 31 ак аибашьыга техника.
Работа российских средств ПВО на Харьковском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи архәҭақәа иқәырхит Украина аруаа ахьгылоу араионқәа 600 инареиҳаны
Аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 84, ари атехникеи ргыларҭа ҭыԥқәа 463, артиллериатәи аминаршәгатәи аҟәшақәа 137, аибашьыгатә машьынақәеи атанкқәеи 13, "Град" шьақәгылақәеи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥеи.
Аҳауахьчаратә системақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам хә-хархәагак, иааныркылеит "Смерч" 17 реактивтә хеиҵаҵа.
С Азовстали вывозят раненых украинских военных - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР арбџьармчқәа рнапахьы иааргеит ареспублика аиланхарҭақәа 216
Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы. Владимир Путин иара иахықәку киевтәи арежим аҟынтәи Донбасс ауааԥсыра рыхьчароуп, "Украина адемилитаризациеи аденацификациеи" мҩаԥгатәуп иҳәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0