Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аанызқьҩык рҟынӡа украинатәи аруаа Донбасс итҟәоуп

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 – Sputnik. Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәа рҿы аанызқьҩык рҟынӡа украинатәи аруаа рабџьар шьҭарҵахьеит иҳәеит Урыстәыла иҟоу ЛЖәР ацҳаражәҳәаҩ Родион Мирошник Соловьев Live аефир аҿы.

"Ирацәаҩуп итҟәоу. Реиҳараҩык Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿ ауп иахьыҟоу, аха ҳаргьы ҳацәгьам. Иааидкыланы рхыԥхьаӡара аанызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. Ари даара ирацәоуп", - иҳәеит Мирошник.

Иара иажәақәа рыла, аамҭа цацыԥхьаӡа итҟәоуи иҭахази рхыԥхьаӡара иацлалоит. Есыҽны ирыцлалоит.
Украина абџьархыхрази ЛЖәРи ДЖәРи руааԥсыра рыхьчарази Урыстәыла арратә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24 рзы.
Урыстәылатәи арбџьармчқәа ааха рырҭоит УАМ аибашьцәеи арратә обиектқәеи. Хәажәкыра 25 рзы аусдҵақәа актәи ретап нагӡоуп, Украина арратә лшамҭа акыр еиҵатәны.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу: Урыстәыла ахықәкқәа зегьы нанагӡаанӡа арратә операциа мҩаԥнагалоит