Аԥсны

Аԥсны мызкаахыс COVID-19 иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз ашәҟәы иҭагалаӡам

Лаҵарамза 16 инаркны лаҵара 26-нӡа Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп ааҩык.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны аҵыхәтәантәи амзазы COVID-19 иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз ашәҟәы иҭагалаӡам, абри атәы аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Жәамш рыҩнуҵҟа Аԥсны аҿкчымазара ааҩык ирыдырбалеит. Шаҟа тест аҭаз еилкаам.
Иахьазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп ҩыџьа.
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара рыхьит ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп 53 639-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 683-ҩык.