Аԥсны

Барӷьаԥ ақыҭаҿ амбулатортә центр аусура иалагоит

Араион ахада Константин Ԥлиа имҩаԥигаз аиԥылараан егьырҭ азҵаарақәа инарываргыланы агәабзиарахьчара азҵаарагь иалацәажәан.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Галтәи араионтә хәшәтәырҭа хада аҳақьым хада Астамыр Гамгьиа иҳәеит Барӷьаԥ ақыҭан амбулатортә центр аусура ҩаԥхьа ишалаго. Абри атәы аанацҳауеит Гал ТВ.

"Араион ахада Константин Ԥлиеи ҳареи азҵаара аҷыдарақәа зегьы ҳрылацәажәахьеит, адокументқәа азырхиоуп аусура официалла алагарази амедицинатә цхыраара ари ақыҭа ауааԥсыра рыҭарази", - иҳәеит Гамгьиа.

Гамгьиа араионтә хәшәтәырҭа аусура аиӷьтәразы апланқәа дрылацәажәеит. Ҷыдала иазгәаҭоуп аофтальмологиатә ҟәша аартра. Апроект алахәхаразы инаԥхьахоит аҟәантәи аҟазауаа. Апациентцәа аҭыԥ аҿы ацхыраара рыҭара алшо иҟалоит, астационар аҿы аԥҟарақәа мҩаԥгахалоит.
Ахәышәтәырҭаҿ аусура иалагараны иҟоуп: аҳақьым-адерматовенеролог, апрофиль ҭбаа змоу аҳақьым - аонколог, амаммолог, апластикатә хирург, иара убасгьы акардиолог.
Ахәшәтәырҭа анапхгара ирыгәҭакуп Москвантәи агинекологцәеи аонкологцәеи рааԥхьара. Дара апациентцәа ргәабзиара аҭҵаареи, аконсультациақәа рыҭареи, иара убасгьы ада ԥсыхәа аныҟам рыԥҟареи мҩаԥыргалоит.
Аԥсны
Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аргылара азҵаара иалацәажәеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы