Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аргылара азҵаара иалацәажәеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы

© Foto / Кабинет Министров РА В Кабмине обсудили вопросы строительства детской больницы
В Кабмине обсудили вопросы строительства детской больницы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2022
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аргылара 2023 шықәсазы аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны зыргылара иалаго апроект дуқәа ируакуп.
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аргылара азҵаара иалацәажәеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Иҿыцу, хра злоу ахәыҷы хышәтәырҭатә астационартә усбарҭа ҳаргылароуп, иҟоу алшарақәеи аԥеиԥши ирықәыршәаны", - ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Амедусбарҭа аргыларазы Аинвестициатә программа 320 миллион мааҭ аԥара азоужьра мҩаԥнагоит. Аԥыза-министр иажәақәа рыла, ахарџьқәа, атехникатә еибыҭарагь абрахь иналаҵаны, ари ахыԥхьаӡара иахымыҳәҳәароуп.
Апроект-сметатә документациа аус адулара, аиқәшаҳаҭра, ашьақәырӷәӷәара рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп ашықәс нҵәаанӡа. Аргылара иалагоит 2023 шықәсазы.
2022 шықәса мшаԥымзазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицураз Аиҳабырабжьаратә комиссиа апрограмма аԥаразоужьра алимит 4 миллиардки 50 миллион мааҭ ҳәа ишьақәдыргылеит. Арҭ аԥарақәа ареспубликатә инфраструктура аиҭашьақәыргылара иазырхахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0