Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

"Азовсталь" аҿы украинатәи аруаа 152-ҩык рыԥсыбаҩқәа амина рыҵаны ирбеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik. "Азовсталь" акатакомбақәа рҿы урыстәылатәи аруаа 152-ҩык украинатәи аруаа рыԥсыбаҩқәа амина рыҵаны ирбеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.
"Мариуполь, аметаллургиатә комбинат "Азовсталь" адгьылаҵатәи аргыларақәа ргәаҭараан урыстәылатәи аруаа аизотермикатә фургон рбеит. Зырхьшәашәага аус амуаз афургон аҿы еиқәҵан аибашьцәеи аррамаҵзурауааи рыԥсыбаҩқәа 152", - иҳәеит аинрал.
Афургон агәаҭараан асапиорцәа ирбеит аԥсыбаҩқәа аминақәа ԥшьба шрыҵаҵәахыз. Урҭ ҭҟәацызҭгьы, арҭ аԥсыбаҩқәа зегьы рышьҭамҭа нхомызт.
"Азов" аибашьцәа рҿахәҿыхраан Атәылахьчара аимнистрра еилнакааит аԥсыбаҩқәа аминақәа шрыҵаҵаз киевынтәи иҟаҵаз адҵала.

"Апровокациа хықәкыс иаман аԥсыбаҩқәа ргәакьацәа рахь ирырҭом ҳәа урыстәылаа ахара рыдҵара, убри ала киевтәи арежим, хаҭала Зеленски, рполитикатә "хьӡы" аиқәырхара", - иҳәеит аусбарҭа ахаҭарнак.

Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәи аган иагәҭакуп "Азовсталь" аҿы ирбаз аԥсыбаҩқәа Украина ахаҭарнакцәа рыҭара.
Конашенков иҳәеит "Азов" акомандаҟаҵаҩцәа рабџьар анышьҭарҵоз Зеленски иахь аҳәара шыҟарҵаз аԥсыбаҩқәа ргарц, рҭаацәа анышә иамардарц, аха макьаназ Киевынтәи "Азовсталь" аҟынтәи урҭ рықәгаразы зыҳәа ҟаҵамызт.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи асапиорцәа Мариупольтәи абаӷәазаҿ аминақәа ыҵырхит