Аԥсны

РУСДРАМ ахәаԥшыҩцәа 40-тәи атеатртә сезон азы иреиӷьыз актиорцәа алыркааит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Искандер ихьӡ зху РУСДРАМ аҿы 40-тәи атеатртә сезон азы иреиӷьыз актиорцәа ралкаараз ахәаԥшыҩцәа рыбжьыҭара аихшьаалақәа ҟарҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Акультура аминистрра.
Аноминациа "Аԥҳәыс иреиӷьу лроль" аҿы аиааира лгеит актриса Милана Ломиаԥҳа (аспектакль "Бродски"), "Ахаҵа иреиӷьу ироль" – Осман Абыхәба (Заурҟан Золак, аспектакль "Ацынҵәарах").
Аноминациа "Аҩбатәи аплан иатәу ахаҵа иреиӷьу ироль" аҿы аиааира игеит Џьамбул Жорданиа (Снаут, аспектакль "Солиарис"), аноминациа "Аҩбатәи аплан иатәу аԥҳәыс иреиӷьу лроль" – Анна Гиурегиан (Алекс Мессенџьер, аспектакль "Солиарис").
"Иреиӷьу аспектакль" ҳәа иалхын "Солиарис", аспектакль арежиссиор Артиом Устиновгьы иреиӷьу ҳәа далхын. "Солиарис" даҽа номинациак - "Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ иусумҭа" аҿгьы иалкаан (Иулиан Лаиков).
Аформа маҷ ала иреиӷьу спектакльны ишьан "Ацынҵәарах".
Аԥсны
Агротеск ҟазшьа змоу аԥсуа комедиа, мамзаргьы РУСДРАМ аҭаара заҭаху