Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агротеск ҟазшьа змоу аԥсуа комедиа, мамзаргьы РУСДРАМ аҭаара заҭаху

© Sputnik / Томас Тхайцук Мул старого Хабуга
Мул старого Хабуга - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2022
Анапаҵаҩра
Лаҵара 27 рзы Аурыс драматә театр аҿы ажурналистцәа идырбан "Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" захьӡу Фазиль Искандер иҩымҭа иалху аспекталь. Уи иаҭааны иахәаԥшыз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ахҳәаа азыҟаҵо илҳәоит аԥсуа хәаԥшцәа хымԥада иара иаҭаар заҭаху.
Амчыбжь анҵәамҭазы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр ажурналистцәа рзы ицәырнагеит уаанӡа зескиз ҳбахьаз "Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" захьӡу Искандер иҩымҭала иқәыргылоу аспектакль. Русдрамаа рхаҭа ари ажанр "аԥсуа комедиа" ахьӡырҵеит, еиӷьны аҳәарагьы уадаҩуп.
Ҩ-сааҭк ицоз аспектакль сахәаԥшуанаҵы, схәыцуан, заҟа хкы еиларсузеи "Чагьамтәи Сандро" захьӡу ароман иахәҭаку Хабыгә игәыжь иаҳзеиҭанаҳәо ажәабжь ҳәа. "Аԥсуа комедиа" ҳҳәазаргьы, араҟа иаҳԥылоит ахәыцра ацәаҩа знубаало, ҳтәыла аҭоурых еиҭазҳәо имариам адунеи.
Шықәсык аԥхьа атеатр аҿы имҩаԥгаз арежиссиортә лабораториа саҭааны избахьан уажәтәи аспектакль аескиз. Усҟан Искандер изку "Ауаҩы иҭыԥ" захьӡу аҩбатәи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иҳадгалан Урыстәылатәи атеатртә ҵараиурҭақәа ирылгахьоу Андреи Маник, Роман Лыков, Ленара Гадельшина, Антон Корнилов русумҭақәа. Аескизқәа рыԥшьбагьы хшыҩзышьҭра руҭаратәы ишыҟазгьы, иаарылукаартә иҟан "Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь". Уи авторс даман арежиссиор қәыԥш Антон Корнилов.
Режиссерская лаборатория  Сандро. Спектакль Рассказ мула старого Хабуга.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Ауаҩы иҭыԥ, мамзаргьы Чагьамтәи адунеи РУСДРАМ асценаҿы
Усҟан исҩыз азгәаҭақәа рыла, ари аусумҭа иахан аԥсуа театртә традициақәа рцәаҩа, еиҳаракгьы исгәаланаршәеит ҳқыҭақәа ирҭаауаз актиорцәа рықәгылара. Иалхын ируадаҩмыз асценатә мыругақәа. Алабораториа аицлабратә ҟазшьа аман, аӡбаҩцәа иагьалырхит уажә сызлацәажәо Хабыгә иҭоурых. Абасала, Русдрамаа аӡәгьы идмырбацыз, уаха асценаҿ иӡырырго аспектакль абара ажурналистцәа қәашьс иҳарҭеит иаха. Ажәабжь ахаҭа акырынтә сшаԥхьахьоугьы, уи аинсценировка алхра имариам усны избоит, ари ажәабжь аҿы адиалогқәа шырацәоугьы.
Арежиссиор қәыԥш Антон Корнилов, сгәанала, даара аконсультациақәа мҩаԥызгаз уаҩуп, избанзар, атекст анаҩсан, ахәаԥшҩы идугало ажәытә аԥсуа сиужетқәа раарԥшраҿы иаҭахуп аетнографиа адырра. Уи аныҟамла, иалҵӡом аԥсуа комедиа. Иахатәи аспектакль ҩ-сааҭк антрактда ицон, аха арежиссиор ииӡбаз хкы рацәала еиҿкаау адунеи уарааԥсаӡом, ашәымҭак ала имҩасуашәа убоит.
© Sputnik / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
1/5

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

© Foto / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
2/5

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

© Foto / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
3/5

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

© Sputnik / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
4/5

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

© Foto / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
5/5

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

1/5

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

2/5

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

3/5

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

4/5

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

5/5

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

Иалыскаарц сҭахуп ахәаԥшҩы хшыҩзышьҭра зиҭаша аҭагылазаашьа. Аспекталь мҩаԥысуеит асценаҿы, ахәаԥшыҩгьы уи арҿиара дазааигәаны дтәоуп. Иҩбахаз, аспектакль иалоу актиорцәа Џьамбул Жорданиа, Кирилл Шишкин рыда - Осман Абыхәба, Руслан Жьиба, Аманда Кәарацхьелиаԥҳа, Марина Сыҷынааԥҳа, Ирина Делԥҳа инарыгӡоит 24 роль рҟынӡа. Шәазхәыци, ашәымҭак иалагӡаны еиуеиԥшым ахаҿқәа рцәыргара изакәытә ҟазароу, изакә динамикоу иаҭаху? Араҟа иҟаӡам акулиса анҭыҵтәи аҽеиҭакрақәа, актиорцәа рышәҵатәқәеи рреквизитқәеи зегьы ахәаԥшҩы иахьибо ирзалхуп аҭыԥ.
Абасала, иахатәи русдрамтәи акомедиа уаанӡатәи русумҭақәа ирыҿсырԥшуазар, даараӡа иуадаҩу, аха имариазшәа иҳадгалоу спектакльуп. Сазхьаԥшырц сҭахуп арежиссиор аԥсуаа ҳаԥсыжшьа, уи ҳшазыҟоу иазку асцена иааџьоушьаратәы иаԥсыуаны, аха агиперболатә цәаҩа ахаҵаны ишыҟаиҵаз. Убри асцена ахәаԥшаразы мацара иаԥсоуп атеатр аҭаара.
Хабыгә уамак даҩцам ҳәа ииԥхьаӡоз Ҟараман иҵәыуара дцагәышьар акәхеит, аха, агәыжь ишаҳәо еиԥш, "нас ишԥаҟаиаҵо, уи ҳара ҳатрадициақәа ирыхәҭакуп". Ахәаԥшҩы араҟа ибар илшоит, ҳхаҭа зны-зынла алаф зхаҳҳәаауа аҵәыуашьақәа, иахырҟьаны имҩаԥааго аҵасқәа. Зхы иахлафаарц зылшо иоуп ԥхьаҟа аҿиарагьы зауа. Фазиль урҭқәа рзын дҟазан. Исызцәырҵит агәаангара, Искандер иҩымҭақәа ирыҵоу амаӡақәа аԥсуа актиорцәа ишынарыгӡо даҽаӡәы илшарым ҳәа.
Акомедиаҿы ҟазарала ахархәара рымоуп аԥсуа мелодиақәа, еиуеиԥшым апоезиатә цәаҳәақәа, убарт зегьы, антикатәи атрадициақәа рҿы ишыҟаз еиԥш, РУСДРАМ актиорцәа рхор инанагӡон. Хыхь ишысҳәаз еиԥш, Шишкини Жорданиеи рыда, араҟа егьырҭ актиорцәа уажәы-уажә рперсонажцәа рҽырыԥсахуеит, асценаҿы ҳара иаҳбон еиуеиԥшым аԥстәқәа инадыркны, аҵәыуацәа, амчра ахаҭарнакцәа уҳәа Искандер иажәабжь иагәылоу ахаҿқәа зегьы. Жорданиеи Шишкини рыхәмарра злалукаауа иреиуоуп амыцхә атеатртә қьачақьра ахархәара акәымкәа, еиҳа автор иажәабжьеиҭаҳәашьа астиль алырхит ҳәа. Ус сҳәеит аха, Жорданиа-Хабыгә аԥсыжраҿы дахьнеиз инаигӡоз асцена даара илахҿыхыз, даараӡагьы иаҳдыруа сиужетны иаарԥшуп.
© Foto / Томас Тхайцук

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин. - Sputnik Аҧсны
1/4

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

© Foto / Томас Тхайцук

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин. - Sputnik Аҧсны
2/4

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин. - Sputnik Аҧсны
3/4

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин. - Sputnik Аҧсны
4/4

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

1/4

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

2/4

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

3/4

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

4/4

Хабыгә - Џьамбул Жорданиа, Агәыжь - Кирилл Шишкин.

Абраҟа далыскаарц сҭаххеит актиор Осман Абыхәба – аҽҵыс, Самуил, Сандро ррольқәа назыгӡо. Актиор ас аҟазшьаԥсахратә елементқәа ирласны рышьҭкаара дазҟазоуп ҳәа сыҟамызт. Еиҳаракгьы ауриа Самуил ироль аҿы иара ҳиргьежьит ажәытә ҭоурыхқәа ирсимволу аперсонажцәа рахь. Иара убасҵәҟьа сгәаҿы дынхеит аетиуд санахәаԥшуаз игәныскылаз актриса Аманда Кәарацхьелиаԥҳа - ԥаҵаду, акитаец, Китаитәи аҳ рхаҿқәа ахьаалырԥшуа. Агротесктә елементқәа рыла иаԥҵоу арольқәа рҿы, актриса илылшеит зыгәра уго адунеи асахьа аҭыхра, зны иԥаҵоу, зны иџьымшьу ареквизит лыцырхырааны.
© Sputnik / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
1/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

© Foto / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
2/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

© Foto / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
3/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

© Foto / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
4/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

© Sputnik / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
5/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

© Sputnik / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
6/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

1/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

2/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

3/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

4/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

5/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

6/6

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

Аспектакль аҿы ихәмаруан даҽа ҩыџьа аҭыԥҳацәа - Марина Сыҷынааԥҳа, Ирина Делԥҳа, урҭ хазы иалкааны ароль дуқәа шрымамгьы, аспектакль аҿы баша ишымнеиааиуаз убон. Даара иқәҿиароуп урҭ аҵәыуацәа рроль шаадырԥшыз, рмыткәмаҳәашьа инаркны рхы иадырхәоз акомедиатә ҟазшьа змаз аԥсуа етнографиатә ԥсабара уаршанхон.
Аспектакль аҿы ахәаԥшҩы дибоит иара убас Руслан Ажьиба Напыхьараџьи Ҽадахәыҷи ррольқәа рынагӡараҿы. Еиҳаракгьы Напыхьараџь ироль аҿы актиор қәыԥш иперсонаж ҳшазыԥшӡамыз иаҩысҭаау, знапы хьараџьушәа ҳзырбо, аха изамананы ианиҭаху ахархәара зылшо иакәны дааирԥшуеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
1/3

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

© Foto / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
2/3

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

© Foto / Томас Тхайцук

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" - Sputnik Аҧсны
3/3

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

1/3

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

2/3

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

3/3

"Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь"

Асиужет аиҭаҳәара сҽадсырхалом, атеатр абзиабаҩцәа ишәабжьызгоит, агротеск ҟазшьа змоу аԥсуа комедиа русдрамаа рынагӡарала шәцаны шәахәаԥшырц. Аспектакль ахи аҵыхәеи еибаркны измоу Хабыгә (Жорданиа), агәыжь (Шишкин) даара иԥсабаратәу ҟазшьала ишәеилдыркаауеит Чагьам иқәынхоз аԥсуаа рыхҭысқәа, насгьы ишәарҳәоит имариам аԥсҭазаараҿ ахархәара зышәҭаша ахшыҩҵакқәа.
Срыхәаԥшхьеит Искандер иҩымҭақәа ирылху акиносахьақәа, аспектакльқәа, аха иахатәи аԥсуа комедиаҿы Фазиль иааирԥшуа Чагьамтәи адунеи еиҳа исахьаркны, иҵауланы еибыҭоушәа агәаанагара соуит. Аԥсуа жәлар знысыз адраматә дунеи - арепрессиақәа, ендураа рцәырҵра, аколхоз аиҿкаашьа уҳәа апроза азҟаза Искандер астиль азалхра шилшаз еиԥш, русдрамаагьы уи иаҵамхакәа ҵҩа змам Чагьамтәи аҭоурыхқәа ҟазарала иаадырԥшит сгәахәуеит.
Режиссерская лаборатория  Сандро. Спектакль Рассказ мула старого Хабуга. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Арежиссиортә лабораториа "Сандро" аҟны ахәаԥшцәа иалыркааз атәы рҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0