Аԥсны

Акультура аминистр анапынҵа ҟаиҵеит апантеон аҿы абаҟақәа еиҭашьақәыргылазарц

Аҟәа ақалақь ахадареи АУН "Ашьақәыргылазаареи" апантеон аҵакыра дрыцқьеит ааигәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аԥсны Акультура аминистр Даур Ақаҩба анапынҵа ҟаиҵеит ааигәа ацәгьоуцәа аԥхасҭа зырҭаз абаҟақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥгазарц. Абри атәы иҳәеит иара Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.
"Асахьаҭыхыҩцәа аасыԥхьеит, ақьашанақәа еиҭашьақәдыргыларц анапынҵа раҳҭеит. Уа уахи-ҽни ихьчалатәуп, акәырша аҭахуп. Агәашә ыҟоуп, аанда – мап. Апантеон иааиԥмырҟьаӡакәа нап адкыланы иҟазароуп", - иҳәеит Ақаҩба.
Аԥсны
Аҵарауаа Аԥсны анапхгарахь ааԥхьара ҟарҵеит Аҟәатәи апантеон ахьчара еиҿыркаарц
Иара иажәақәа рыла, апантеон ма ақалақь Ахадара иадзароуп, ма – Акультура аминистрра.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит аобиект зыдҵатәу аструктура шьақәыргыланы иара ахьчареи аныҟәгареи еиҿкаазарц.
"Аҭагылазаашьа зырҽеиша ауаа ҳамоуп. Афинансқәа рминистрраҿ аԥара рыԥшаауеит. Иаҭаххар, ақалақь ахь аҳәара ҟаҳҵап ацхыраараз", иҳәеит иара.
Лаҵарамзазы идырым џьоукы аҟәатәи апантеон аҿы абаҟақәа иакәым ала ирызныҟәеит.
Аԥсны
Идырым џьоукы аҟәатәи апантеон аҿы абаҟақәа иакәым ала ирызныҟәеит
Арбгаҩцәа аԥхасҭа рырҭеит еицырдыруа аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩцәа Аслан Оҭырба, иԥшәмаԥҳәыс Татиана Конџьариаԥҳа, акультура аминистрс иҟаз Ҭемыр Қьецба рбаҟақәа. Абаҟақәа ирымхуп аџьазлыхҩырақәа. Раԥхьа ара анышә иамардаз Гәылрыԥшь араион апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩ Григори Ԥлиа ибаҟагьы ааха аҭоуп.