Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҵарауаа Аԥсны анапхгарахь ааԥхьара ҟарҵеит Аҟәатәи апантеон ахьчара еиҿыркаарц

© Sputnik / Томас ТхайцукАБИГИ
АБИГИ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2022
Анапаҵаҩра
Ауаажәларра ақәыӡбеит Аҟәатәи апантеон аҿы аҭыԥ змаз ахҭыс, лаҵара 26 азы Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҟны асеиԥш уаҳа иҟамларц азы ажәалагалақәа ҟарҵеит.
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Аԥсуа интеллигенциа атәыла ахада Аслан Бжьаниеи аԥыза-министр Александр Анқәаби рахь ааԥхьара ҟарҵеит Аҟәатәи апантеон ахьчара еиҿыркаарц ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Памятники  в пантеоне на Сухумской горе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2022
Аԥсны
Идырым џьоукы аҟәатәи апантеон аҿы абаҟақәа иакәым ала ирызныҟәеит
Лаҵарамза алагамҭаз арбгаҩцәа апантеон аҿы абаҟақәа ԥшьба дырҳәит. Амемориалтә ҵакыра ишақәнаго ахылаԥшра амазарц азы аҵарауаа иҟаҵатәу азгәаҭаны ажәалагалақәа ҟарҵеит.
Раԥхьа иргыланы апантеон аҳәынҭқарратә статус амазароуп, иара аныҟәгараз ахарџьқәа, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иоужьлатәуп. Иара убасгьы апантеон иакәыршоу аанда ҟаҵаны иҳәазо адгьылқәа рӷәӷәатәуп. Уи ашьҭахь Аԥсны ААР амчхарала ахьчаратә ҭыԥ аарттәуп. Апантеон атуристцәа зҭаауа акультуратә ҭыԥқәа ирыҵарктәуп.
"Аиааира Амш аламҭалаз аҭыԥ змаз ахҭыс цәыԥҽыгароуп. Зегьы ргәы иалсит. Азинхьчаратә усбарҭақәа иахьагьы уи ҟазҵаз дшьақәыдмыргылацт", - аҳәоит аинститут адиректор Арда Ашәба дзыԥхьаз анашьҭымҭа атекст.
Ашәҟәы апроект рыдыркылеит риашарақәак алагалан, официалла атәыла ахадеи аԥыза-министри ирзынашьҭызарц.
Аилацәажәара иалахәын Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Акультура аминистр Даур Ақаҩба, адепутатцәа, Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа, Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гули Кьычба, Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг, Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа, Абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа, Аҟәа ақалақь ААР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Нугзар Чычба, аҵарауаа, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, ажурналистцәа, Аслан Оҭырба иҭаацәа рхаҭарнакцәа.
Иқәгылоз иҟалаз иақәыӡбон, иазгәарҭон ари аҭыԥ иԥшьоу ҭыԥны ишыҟоу, уа анышә иамадоу ауаа аԥсуа ҳәынҭқарреи акультуреи рахь рлагала шдуу.
Аҟәатәи ашьхаҿы атәыла иналукааша ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рпантеон аартын 1960 шықәсазы. Ара анышә иамадоуп еицырдыруа ареспублика ауааԥсыра: ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа.
Хра злоу ахҭысқәа: Даур Наҷҟьебиа аҟәатәи апантеон иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Арадио
Наҷҟьебиа: апантеон аидеиа аԥсуаа иҳацәтәымуп, аха иҟоу ишахәҭоу амҩа иқәҵатәуп
Ажәабжьқәа зегьы
0