Аԥсны

Аԥсны аихамҩала аидара амҩангара акыр иацлеит

2022 шықәса аԥхьатәи ахәымз рыҩныуҵҟала Аԥсныеихамҩа ииасыз ашықәс зегь аасҭа аидара мҩаннагеит - 7 000 вагон рҟынӡа. Аха Аԥсныеихамҩа атехникатә ҭагылазаашьала иааларҟьаны иаиуз ақәыӷәӷәара азышьҭхӡом.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аихамҩала аидарамҩангара акыр иацлеит, аидара назышьҭуагьы изауагьы Аԥсны транзиттә зонаны ирҭахуп. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсныеихамҩа адиректор хада ицхырааҩ Октаи Хазириши.
Аԥсны
Аԥсныеихамҩаҿ арҽеиратә усурақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәоит
Иара иажәақәа рыла 2022 шықәса аԥхьатәи ахәымз рыҩнуҵҟала Аԥсныеихамҩа ииасыз ашықәс зегь аасҭа аидара мҩаннагеит.
"Аиҳарак Очамчыратәи абаӷәазала арацәа атранзит мҩанысуеит. Раԥхьаӡа акәны транзитны имҩаԥган аӡри аиқәыҵәыҵә (перекись водорода азгә.). Азыҳәақәа рацәоуп. Ҭаҭарсҭанынтә Ҭырқәтәылаҟа афанера ииаргоит. Аха уадаҩрас иҟоу ари атранзит ҳахьазыҟаҵам ауп", - иҳәеит иара.
Хазириши иажәақәа рыла адунеи аҿы аиҳарак аидара аконтеинерқәа рыла имҩаныргоит. Аԥсныеихамҩа уи иазыхиам.
Абри инадҳәаланы Аԥсны ԥхьаҟа алшарақәа еиҭазкуа ауснагӡатәқәа аус рыдырулоит. Апроект аусура иалагар алшоит сынтәа рашәарамза анҵәамҭазы.
Аԥсны
Аԥсны аихамҩатә аидарамҩангарақәа хынтәны еизҳаит